Аԥсны

Атрансформатор ҿыц ықәдыргылоит Цандрыԥшь аҳаблаҿы

Гагра араион Цандрыԥшь аҳабла ахәҭак афымцалашара аиуеит аихамҩагьы лашарала еиқәзыршәо астанциа маҷ аҟынтәи. Аха иара амчхара азхом ауааԥсыра фымцамчла реиқәыршәаразы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Атрансформатор, зымчхара 16 мегаватт иҟоу, ықәдыргылоит Цандрыԥшь ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳабла ахада Адгәыр Дасаниа.
Иара иҳәеит атрансформатор Гагра араион ахадара ахарџь ала ишаахәоу.
Аԥсны
Цандрыԥшь аҳабла иқәынхо ауаа аҳәара ҟарҵоит даҽа трансформаторк рзықәдыргыларц
"Аҳабла аиҳарак астанциа маҷ "Ԥсоу-1" аҟынтәи алашара аиуеит, егьи ахәҭа аихамҩатә станциа маҷ аҟынтәи. Уа игылоу атрансформатор 10 мегаваттк роуп иҟоу. Изҵоу аидара азышьҭыхӡом. Убри азы даҽа трансформаторк ааҳхәоит", - иҳәеит иара.
Дасаниа иажәақәа рыла, ари иҟоу апроблема хада аӡбароуп. Уаанӡа адәыӷбақәа аниасуаз аҳаблаҿ алашара дырцәалар акәын.
Атрансформатор ҿыц Аԥсныҟа иааргахьеит. Хара имгакәа ақәыргылара иалагоит.

"Аҳабла ибзианы иҿиоит, аобиект ҿыцқәа дыргылоит, абзазаратә техника бзиа аархәоит. Убри азы адәыӷбақәа анымныҟәогьы, аамҭа-аамҭала алашара ҳарцәоит, аграфик алаагалоит. Атрансформатор ари апроблема аӡбароуп", - ҳәа иҳәеит Дасаниа.

Цандрыԥшь ахада иҳәеит асовет аамҭақәа раан ари астанциа маҷ аихамҩа мацара амаҵ шауаз, ауааԥсыра аҭыԥантәи ГЕС лашарала ишеиқәнаршәоз.