Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Цандрыԥшь аҳабла иқәынхо ауаа аҳәара ҟарҵоит даҽа трансформаторк рзықәдыргыларц

© Foto / Администрация города Сухум Трансформатор для насосных станций
Трансформатор для насосных станций
 - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2022
Анапаҵаҩра
Цандрыԥшь ахәҭак алашара ахьынтәиаиуа астанциа маҷ аҳабла иалсуа аихамҩагьы фымцала еиқәнаршәоит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гагра араион Цандрыԥшь аҳабла инхо ауааԥсыра аҳабла ахадара ахыбра аҿаԥхьа еизеит даҽа трансформаторк рзықәдыргыларц аҳәара ҟаҵо. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Цандрыԥшь ахада ихаҭыԥуаҩ Налик Цыгәба.
Иара иажәақәа рыла, проблемас иҟоу Цандрыԥшь ахәҭак алашара азҭо атрансформатор рҳабла иалсуа аихамҩа ахәҭагьы фымцалашарала иахьеиқәнаршәо ауп.

"Адәыӷбақәа аниасуа аамҭазы ауааԥсыра алашара рзаҿаҳхлар ауп, аихамҩахь анашьҭразы", - иҳәеит иара.

Астанциа маҷ иамоу амчхара азхом анхацәеи аихамҩеи зныкала алашара рзынашьҭразы иҳәеит Цандрыԥшь ахада ихаҭыԥуаҩ.
Асовет аамҭазы ара ҩ-трансформаторк гылан, уажәы уи ыҟам, иҳәеит Налик Цыгәба.
"Афымцамчусзуҩцәа ишырҳәаз ала, 10 мегаваттк иҟоу амчхара змоу атрансформатор ықәыргылатәуп, усҟан ауп аҭагылазаашьа анеиӷьхо", - иҳәеит Цыгәба.
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Аԥсны
Аҟәа аамҭа-аамҭала алашара арцәара аграфик аларгалеит
Аҳаблаҿы афымцамч иадҳәалоу ауадаҩрақәа цәырҵит аибашьра ашьҭахь, аха уажәы еиҳагьы ирыцлеит.
"Аԥсны зегь еиԥш араҟагьы амаининг азы апроблема ыҟоуп, ҳара урҭ ахьыҟоу ԥшааны иаҿаҳхуеит амилициа ҳацырхырааны. Ауаа ҳрыҳәоит-ҳарчоит иаҿарымкларц азы", - ҳәа азгәеиҭеит Цыгәба.
Уи адагьы, Цандрыԥшь аԥсшьаҩцәа рацәаҩны излаҭаауа ала, атуристтә обиектқәа, асасааирҭақәа иаҳа-иаҳа ирыцлоит.

"Анхацәа еизаны иҳаҳәеит ашәҟәы ааҩырц, ус иагьыҟаҳҵеит, Гагра араион ахадеи ҳраион адепутат Левон Галустиани рахь ашәҟәы ҳҩит иаҳхаҵгыларц азы", - иҳәеит Цыгәба.

Цандрыԥшь ахада ихаҭыԥуаҩ агәыӷра ааирԥшит атәыла анапхгара афымцамч азы рызҵаара аӡбара ишацхраауа.
Гагра араион ахадараҿы Sputnik акорреспондент ишиарҳәаз ала, уи ашәҟәы дара рҿы инеихьеит, уа иқәдыргыло азҵаара аӡбара ацхраара иазыхиоуп.
Плотина Ингур ГЭС - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2022
Аԥсны
Мебониа еиҭеиҳәеит ЕгрыГЕС аус шауа атәы
Ажәабжьқәа зегьы
0