Аԥсны

Аԥснытәи аӡымҽхакыраҿы 30 000 тонна рҟынӡа акамшьиа ркхьеит

Аԥснытәи аӡымҽхакыраҿы акамшьиа акра иалагеит 2021 шықәса ԥхынҷкәын 7 азы, ихыркәшахароуп 2022 шықәса хәажәкыра 31 азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Аԥснытәи аӡымҽхакыраҿы 29,5 нызқь тонна рҟынӡа акамшьиа ркхьеит ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аекологиазы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

"Еснагь еиԥш ауснагӡатә иалахәуп аа-зауадк, иааԥхьоуп Ҭырқәтәылантәи аԥсыӡкыгақәа. Сынтәа аԥсыӡкразы аҭагылазаашьақәа маншәалоуп. Аԥсыӡ ахыԥхьаӡара еиҳауп, ахаҭагьы ԥсылоуп. Аԥсыӡ ркуеит 16 ӷба", - иҳәеит иара.

Сынтәа атәыла аиҳабыра аԥсыӡкразы аԥҟарра ҿыцқәа рыдыркылеит, уаанӡа ԥҟаррақәаны изықәныҟәоз 1969 шықәсазы ирыдыркылаз акәын ҳәа иҳәеит Ҷыҭанаа.
"Абри инамаданы сынтәа азакәанеилагарақәа акыр еиҵоуп. Исҳәом урҭ зынӡа иуԥылом ҳәа аха уаанӡатәи ашықәсқәа раасҭа акыр илаҟәуп. Зны-зынла аҟәара инаркны 500-метратәи аҵакыраҿы аԥсыӡ аныркуа ҟалалоит. Асеиԥш аилагарақәа ааба азгәаҳҭахьеит", - иҳәеит иара.
Арадио
Џьопуа Аԥсны акамшьиа акразы: ахылаԥшра амоуп
Аԥҟарра аилагарақәа ашәҟәы иадырбоит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа, аԥснытәи аҟазауаа иахәҭоу ахархәагақәа ахьрымам азы.
"Аилагараз адырра анҳаулак дара ҳаҽрымаадоит. Урҭ рылкаақәа ҳрықәныҟәаны аӷбақәа ркаԥданцәа ҳрацәажәоит, ахараԥса рықәаҳҵоит. Иааларҟьаны агәаҭарақәа аепидемҭагылазаашьа инамаданы имҩаԥаагом", - иҳәеит Савели Ҷыҭанаа.
Ҷыҭанаа иҳәеит аԥҟарра ҿыцқәа рыла Гагра араион иахьаҵанакуагьы аԥсыӡкра азин ыҟам, уи аҭыԥ аҿы акамшьиа аӡын иахьӷыҵысуа азы.
"Есыҽны зықь тонна еиҵамкәа аԥсыӡ ркуеит. Аекологцәа ҳзы акраҵанакуаны иҟоуп аԥсыӡ ахыԥхьаӡара. Уи иалнаршозар асеиԥш аԥсыӡкра мап ахаҳҳәаауам. Абиуџьет аԥара ҭалар ҳаԥсҭазаарагьы еиӷьнатәуеит", - иҳәеит аеколог.
Есышықәса Ҭырқәтәыла 300 000 тонна акамшьиа ркуеит, Қырҭтәыла - 80-100 000 тонна, убри азы Аԥснытәи аӡқәа рҵакыраҿы 29 000 тонна акра аԥсыӡ ахыԥхьаӡара ианыруам ҳәа иҳәеит Ҷыҭанаа.
Арадио
Аҩӡба иҳәеит акамшьиа акразы аӷбақәа ахьынтәаауа, урҭ русура шеиҿкаау ртәы