Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҩӡба иҳәеит акамшьиа акразы аӷбақәа ахьынтәаауа, урҭ русура шеиҿкаау ртәы

Аҩӡба акамшьиа акразы: азауадқәа иртәу аӷбақәа иҟарҵо дырны, иахьыҟоу дырноуп аус шаауа
Анапаҵаҩра
Акамшьиа акра асезон иалагахьома, рыҽшԥазыҟарҵо уи аԥсыӡ аус адызуло азауадқәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит азауадқәа руак аиҳабы Баҭал Аҩӡба.
Аусура ҳалагеит, макьаназы ҳацәгьаӡам, ак ыҟоушәа ыҟоуп, абас ихациркит аиҿцәажәара Аҩӡба.
Аԥсыӡ аус адызуло азауад аиҳабы иҳәеит, есышықәса еиԥш сынтәагьы аӷбақәа Ҭырқәтәылантәи ишаарго.

"Аӷбақәа есышықәса иаац роуп иаауа, акыршықәса даргьы ҳаргьы аус еицаауеит. Амшынгьы абна иаҩызоуп, - шәарыцароуп. Иаауа аӷбақәа рҟынтә иаҳзымдыруа ыҟаӡам. Аҭыԥгьы рдыруеит, ҳархылаԥшратәгьы ҳаҟоуп. Ауаа агәаанагарақәа еиуеиԥшым рымоуп, аха азауадқәа ирыдҳәаланы аӷбақәа иҟарҵо дырны, иахьыҟоу дырны, рхы дырны ауп аус шаауа. Уаанӡа инаҳгартә еиԥш аамҭала аус ҳаухьеит. Амшын аҿы ауаҩы ииашаны ихы мҩаԥигароуп, зегьы ишақәнагоу аҟаҵара аҭахуп, хымԥада, ҳаргьы уи ҳахылаԥшуеит", - азгәеиҭеит Аҩӡба.

Баҭал Аҩӡба еиҭеиҳәеит афымцалашарала аиԥҟьара ирнаҭо ԥырхага атәы, уи аҵыхәтәаны ироуа ахашәала ишаныԥшуа.
"Сааҭк азауад лашарада ианаанха, аныхтә иацлоит, инухуа анырацәаха, аҳәынҭқаррахь иалугалоугьы маҷхоит. Азауад аусура сзаанкылаӡом алашара ҟамлеит ҳәа. Ҳара иҳазгылоуп 1200 киловатт иҟоу адизель. Уи шаҟа афо абылтәы еилызкаауа идырыртә дыҟоуп. Сара шықәсык ахы-аҵыхәала аус зуеит хымз, урҭ рахьынтә 24 сааҭ", - иҳәеит Аҩӡба.
Ажәабжьқәа зегьы
0