Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа Аԥсны акамшьиа акразы: ахылаԥшра амоуп

Џьопуа Аԥсны акамшьиа акразы: ахылаԥшра амоуп
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыпуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы акамшьиа акра сынтәатәи асезон аҟынтә иззыԥшу ахашәала атәы еиҭеиҳәеит.
"Акамшьиа акразы асезон иалагеит, уи иаанаго азауадқәа азыхиоуп аусура. Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала 31 нызықь тонна акра азин ыҟоуп. Иҟоуп аԥҟара шаҟа хкы аӷбақәа акразы азин рымоу, иахьыркуа. Иацы инаркны агәаҭара ҳасабала ицәырцит аӷбақәа. Уажәшьҭа хышықәса ҵуеит азауадақәа аԥсыз иркуа аус адырулоижьҭеи. Уи иаҳа економикала ахашәала ҟанаҵоит, амшын аҿы аԥҟарақәа ирықәныҟәартә еиԥш иаҳа аҭагылазаашьа рнаҭоит. Аԥсыӡ Ҭырқәтәылаҟа ианыргоз ахылаԥшра цәгьан, шаҟа рго, иара ирго. Аӷбақәа рхыԥхьаӡара рацәахон аҟынтә аекспорт мап ацәкны азауадқәа мацара аус руа иҟаҵоуп. Ҵыԥх аԥсыӡ маҷын азы, аҳәынҭқарра иаланагалаз ахашәалагьы маҷхеит. Сынтәа асезон цәгьам ҳәа ҳазыԥшуп. 7 миллионки 100 нызықь мааҭ азауадқәа иалырҵахьеит, иркраны иҟоу аҟынтә 30% ҳәа иԥхьаӡоу. 14 нызықь тонна азауадқәа аквота раҳҭахьеит. Уи иалган анаҩс еиҭа аҭагылазаашьа ҟалар, аекологцәа азин ҟарҵар, анаҩс еиҭа ирзацҵахоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0