АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 793-ҩык, урҭ рахьтә 483-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Ҩымш рыла Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ишьҭаз ачымазцәа хҩык 72 шықәса зхыҵуаз, 86 шықәса зхыҵуаз, 56 шықәса зхыҵуаз ахацәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 71-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 20-ҩык, ибжьаратәуп - 51-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 43-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 12-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 30-ҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы хәҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 20-ҩык ачымазцәа.