Аԥсны

"Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны алашараз иалагалоу аԥкрақәа арӷәӷәеит

Аӡын афымцацәаҳәақәа ирықәу ақәыӷәӷәареи амаинингқәеи ирыхҟьаны Аԥсны афымцалашара ахархәара еиҳа-еиҳа еизҳауеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" аԥкра ҿыцқәа аланагалоит ЕгрыГЕС аусура зынӡа иаанымгыларцаз, иара убас Урыстәылантәи афымцалашара зауа Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа аҟынгьы аԥкрақәа дырӷәӷәеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, ЕгрыГЕС аганахь ала аԥкрақәа зыдҳәалоу аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ишәарҭоу ацәаҳәаҟынӡа илаҟәит. Мраҭашәаратәи Аԥсны афымцалашара аԥкрақәа иалагалоу рырӷәӷәара зыхҟьо, Урыстәылантәи алашара иҳауа уахык инаҳхран иҟоу иахьеиҳахаз ауп.
2019 шықәса ԥхынҷкәын-жәабран мзақәа рзы ареспубликаҿ уахыки-ҽнаки афымцалашара инырхыз иартәеит 8,5 млн. кВт/с, сынтәа ари аамҭа ибжьанакыз азын иартәеит 11,8 млн. кВт/с.
2021 шықәсазы аԥхыни-ҭагалани иалагалаз аԥкрақәа раан 100 млн. кВт/с. еиҷаҳан.
Аԥсны
Аԥсны алашара арцәара аамҭеихшара ҿыц аларгалеит
Аенергетикцәа ражәақәа рыла, ацәаҳәақәа ирықәу есымшатәи ақәыӷәӷәара ахыхны, амаининг иақәырӡу амчхара 80 МВт иартәоит.

"Амшынеиқәафымцамч" аҟны иазгәарҭоит, ари ақәыӷәӷәара ареспублика зегьы афымца мырцәакәа ишазхоз.

Аԥсны Урыстәылантәи афымцамч аиуеит 2021 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны. Уи амш инаркны аҳауатә цәаҳәақәа "Шьешьелеҭ-1", "Шьешьелеҭ-2" алашара ЕгрыГЕСи аӡхыҽҽатә станциа "ГЭС-1" рҟынтәи ироуеит.
Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ишәарҭоу ацәаҳәаҟынӡа илаҟәит. ЕгрыГЕС иаиуа аӡы амч ала Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа иааԥмырҟьаӡакәа афымцалашарала аиқәыршәаразы иазхаӡом.