АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik. ДЖәР Украина Арбџьармчқәа "ацәаҳәа ҟаԥшь" иахысыр, аҭак роуеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ДЖәР Жәлар рмилициа аофициалтә хаҭарнак Едуард Басурин.
"Раԥхьа иргыланы аграждантә уааԥсыра рацәаны иҭахоит. Ари ацәаҳәа иахыстәхоит. Аҩбатәи ацәаҳәа – аӷа ҳганахь ихы рханы аинырратә цәаҳәа дахысыр, аҭак иоуеит", - иҳәеит иара "России 24" аинтервиу аҭо.
Аҭагылазаашьа цәгьоуп, Украина аибашьра акәымкәа, аҭынчроуп иаҳҭаху ҳәа аҳәамҭақәа мцуп ҳәа иҳәеит Басурин.
Аимак ашәарҭара ахыхра атәы аинырратә гәыԥ алацәажәоит Белоруссиа аҳҭнықалақь аҿы.
Адокумент иазԥхьагәанаҭоит аконституциатә реформақәа рыԥсахра, ахымца аанкылара, абџьар, аибашьыга техника аинырратә цәаҳәа аԥыгара. Убри аан украинатәи амчрақәа аинырратә ҳәаахь абџьар ааганы ахысрақәа мҩаԥыргоит.
Донбасс аибарххара иацхраауа Еиду аштатқәеи егьырҭ НАТО атәылақәеи роуп. Урҭ Украина абџьари арратә инструкторцәеи рыла еиқәнаршәоит. Москва изныкымкәа арегион бџьарла аиқәыршәара иаҟәыҵырц ааԥхьара ҟанаҵахьеит.