Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистр Аҟәа ахәыҷтәы хәшәтәырҭа ҿыц аргылараз аплан хада дахәаԥшит

Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа ҿыц ргылахоит "Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи, ахәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуеи, "Аԥсныргылара" архитектор хада Давид Ешбеи алацәажәеит Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа ҿыц аргылараз аплан хада. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аҟәа ахәыҷтәы хәшәтәырҭа ҿыц ахьдыргылаша аҭыԥ алырхит
Амедусҳәарҭа ргылахоит Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҵакыраҿы. Иахьазы апроектҟаҵара апроцесс мҩаԥысуеит, азинҟаҵаратә документқәа реизгара хыркәшоуп.
Ахәшәтәырҭа аҵакыраҿы иҭацәу ахыбрақәа ықәганы рҭыԥ аҿы амашьынаргыларҭа ҟаҵахоит.
Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит аргыларақәа ҭакԥхықәрала ишрызнеитәу.

"Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа ҿыц ареспубликаз акраҵанакуеит зхаҭабзиара ҳараку, изаамҭану амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы", - иҳәеит иара.

Ахыбра апроектҟаҵара мҩаԥнагоит амедусҳәарҭақәа рыргылара знапы алаку Новосибирсктәи апроекттә институт.
Арадио
Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Џьопуа еиҭеиҳәеит иҳаҩсыз ашықәс азы шаҟаҩы рыдҵаалаз