Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Џьопуа еиҭеиҳәеит иҳаҩсыз ашықәс азы шаҟаҩы рыдҵаалаз

Аҳақьым хада Џьопуа еиҭеиҳәеит шаҟаҩы ахәыҷқәа рыдҵаалаз иҳаҩсыз ашықәс азы
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит шаҟаҩы ахәыҷқәа рыдҵаалаз иҳаҩсыз ашықәс азы, иарбан цхыраароу урҭ ирыҭаз, ахәшәтәырҭа ҿыц аргыларазы сынтәа иазгәаҭоу аусқәа.
Ҳазҭысыз 2021 шықәса ауадаҩрақәа рацәаны иацын, COVID-19 зыхьуа ахәыҷқәа рыдкылара алыршан Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭаҟны ҳәа аҳақьым хада Џьопуа.
"Ԥхынгәымзазы ҽынлатәи астационар аартын ахәшәтәырҭаҟны. Фымз ирылагӡаны 430-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа ҳадаҳкылеит. Ус уахәаԥшуазар, ачымазара еиҳарак бжьаратәла изхызгаз насгьы имарианы изхызгаз роуп, аха урҭгьы ахылаԥшра, еиуеиԥшым ахәшәтәра рҭахуп. Ицәгьаҵәҟьаны мамзаргьы ахәышәтәра ахгара зылымшаз ыҟаӡам. Ахәыҷтәы хәшәтәырҭаҟны COVID-19 анаҩсгьы егьырҭ ачымазарақәа рылагьы иҳадаҳкылон. Астатистика уахәаԥшуазар, ҳазхысыз ашықәс азы 20 нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа ҳадҵаалеит, астационар аҟны ахәшәтәра зхызгаз 987-ҩык ыҟоуп", - иҳәеит Џьопуа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0