Аԥсны

Аԥснытәи ашколқәа рыбжьара урыстәылатәи арҵагашәҟәқәа реихшара хыркәшахеит

2021 шықәса анҵәамҭаз урыстәылатәи аиҳабыра рыцхыраарала Аԥсныҟа иаашьҭын 1-7 аклассқәа рзы ашәҟәқәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа абрифинг аҿы еиҭеиҳәеит Урыстәылатәи аиҳабыра рыцхыраарала Аԥсныҟа иаашьҭыз 1-7 аклассқәа рзы арҵагашәҟәқәа реихшара актәи аетап шхыркәшахаз.
Арҵагашәҟә ҿыцқәа рыла аԥснытәи ашколқәа реиқәыршәара алыршахеит Урыстәыла аҵара аминистрреи аекономикатә ҿиара аминистрреи рыцхыраарала. Аминистр ҭабуп ҳәа реиҳәеит азҵаара аӡбараан адгылара ҟазҵаз ареспублика анапхгареи, Афинансқәа рминистрреи, Аекономика аминистрреи рнапхгарақәа.
Ареспублика 153 школ рзы иааган 161 000 рҵагашәҟәы. Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра даҽа 100 000 рҵагашәҟә ирзыԥшуп 8-11 аклассқәа рзы.
Аминистр иҳәеит ареспубликахь ишаагоу 62 миллион мааҭ рыхә ашәҟәқәа, иазгәеиҭеит Аԥсны иҭрыжьуа арҵагашәҟәқәагьы рхыԥхьаӡара ишацҵахо.ка уҳәа рганахьала. Ашколтә библиотекақәа хәыдаԥсада аҵарашықәс ҿыц ишалагалак ашәҟәқәа ршоит ҳәа иҳәеит Габлиа.
Аминистр иҳәеит ареспубликахь ишааго 62 миллион мааҭ рыхә ашәҟәқәа, иазгәеиҭеит Аԥсны иҭрыжьуа арҵагашәҟәқәагьы рхыԥхьаӡара ишацҵахо.
Арадио
Габлиа ашколхәыҷқәа ашәҟәқәа рыла реибыҭаразы: уи лҵшәа бзиоуп
Аминистрра аматериал-техникатә ҟәша аиҳабы Радам Кәырт-оӷлы иҳәеит раԥхьаӡа акәны ишеихыршаз ариаҟара хыԥхьаӡара ашәҟәқәа. Есыҽны 5-6 школ рымаҵ аауан ҳәа иҳәеит иара.
Аминистр иазгәеиҭеит ареспубликахь иаагоу ашәҟәқәа рсиа аԥсуа ган ишышьақәнаргылаз. Дара ҭыжьуп аҭыжьырҭа "Просвещение" аҿы. Инал Габлиа аҳәара ҟаиҵеит ашколхәыҷқәа урҭ пату рықәҵаны иныҟәыргаларц. Аҩбатәи аетап ала иаагахоит иагьеихшахоит 8 - 11 аклассқәа рзы ашәҟәқәа.