Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габлиа ашколхәыҷқәа ашәҟәқәа рыла реибыҭаразы: уи лҵшәа бзиоуп

Габлиа ашколхәыҷқәа ашәҟәқәа рыла реибаҭаразы: уи лҵшәа бзиоуп
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы дазааҭгылеит ашколхәыҷқәа арҵагашәыҟәқәа рыла реибыҭара азҵаара.
"Иҿыцу арҵагатә шәҟәқәа 4-7 аклассқәа рзы, шьҭа ашколқәа ахьынӡа-наӡаазо ироуртә еиԥш алшара ҳауит. Иахьа аԥшьбатәи мшуп ашара ҳаҿуижьҭеи. Издыруеит, кыр шықәса ари азҵаара шаартыз. Иҭабуп ҳәа расҳәоит ари аус аҿы ацхыраара ҟазҵаз. Иааиуа ашықәс азы ҳазԥшуп аҩбатәи ахәҭа. Амаҭәарқәа зегьы рзы даҽа 100 нызықь цыра аагахоит 8-11 аклассқәа рзы. Уи лҵшәа бзиоуп. Ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи гәырӷьаҵәа иҟоуп. Акыршықәса аҭаацәа ирымаз аџьабаа атәы еилаҳкаауан. Шьҭа хәыда-ԥсада ашколтә библиотекақәа рҿы иҟалоит арҵагатә шәҟәқәа ахәыҷы ихәаша. Аметодика хәыҷык аҽаԥсахит. Аспециалистцәа ҳрыҳәоит асеминарқәа мҩаԥыргарцаз", - ҳәа иҳәеит Габлиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0