АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва диԥылеит Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгылатә ҳәынҭқарра амаӡаныҟәгаҩ хада Дмитри Мезенцев, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.
Арӡынбеи Мезенцеви ирылацәажәеит уаанӡатәи асоветтә тәылақәа рҿы аинтеграциатә процессқәа рызҵаарақәа, иара убас иазгәарҭеит агуманитартәи, аекономикатәи, аинвестициатәи усеицура арҭбаара хымԥада ишаҭаху.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа ҭабуп ҳәа еибырҳәеит агәыӷрагьы аадырԥшит аусеицура наҟ-наҟгьы ишдырҭбаауа.
Уаанӡа аԥшьаша Инал Арӡынба диԥылеит Россотрудничество аиҳабы Евгени Примаков, урҭ аинформациатә проектқәа реицымҩаԥгара азҵаарақәеи аҿар рыдгылара арҭбаареи ирылацәажәеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Москваҟа усутә ныҟәарала дцеит жәабран ааба рзы. Иацы иара англыз бызшәала Аԥсны аҭоурыхтә мҩеи иахьатәи амши ирызкыз аексклиузивтә интервиу аканал RT иеиҭеит.