Аԥсны

Аҟәа ауаажәларратә транспорт арныҟәцаҩцәа хыԥхьаӡара рацәала рчымазара русура еиԥнаҟьеит

Аҟәа ақалақь ауаажәларратә транспорт аусзуҩцәа хыԥхьаӡара рацәала акоронавирус ахьрылаҵәаз иахҟьаны аамҭеихшара еиԥҟьеит. Уи ахәашазы ишьақәыргылахап ҳәа азыԥхьагәаҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 - Sputnik. Ауаажәларратә транспорт арныҟәцаҩцәа 70% аҿчымазара шьҭыркааит, убри иахҟьаны атранспорт аныҟәара аамҭеихшара шьақәҟьеит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Аамҭеихшара аилагара азгәаҭан мышқәак ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы. Ауадаҩрақәа аҭыԥ рымоуп уахынлатәи аамҭазы, избанзар арныҟәцаҩцәа зыԥсахуа ыҟам.
Абри инадҳәаланы аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба инапынҵала ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе ақалақь АТПи Атроллеибустә парки рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

"Зыриашара ҟамло акгьы аҭыԥ амам. Иҟоу аамҭалатәи уадаҩроуп. Уи аҭыԥ иқәҵахоит. Ауаа ковид рымоуп, 70% чмазцәоуп. Урҭ зыԥсахуа ҳамамызт", - ҳәа иҳәеит Сурманиӡе.

Иара иҳәеит, жәабран 11 инаркны еиԥҟьарада атранспорт аусура шеиҿкаахо. Атроллеибусқәа рныҟәара асааҭ 5:00 инаркны асааҭ 19:00 рҟынӡа еиҭашхацыркхо.