Аԥсны

Аԥсны ААР Аԥсны ООН ахь иҟанаҵаз аҳәамҭаз Қарҭ ахымҩаԥгашьа гәыҵкапроуп ҳәа ахнаҳәааит

Аԥсны Еиду амилаҭқәа реиҿкаарахь аҳәара ҟанаҵеит аиҿкаараҿы Аԥсны ҳәынҭқарра-наԥшҩык аҳасаб ала аҟаларазы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа анаҭеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада иахь инашьҭымҭа иазырхоу ахымҩаԥгашьаз.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи ЕАР Адунеизегьтәи афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ, ЕАР ацхраараз Урыстәылатәи ассоциациа ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алексеи Борисови жәабран 9 азы имҩаԥысыз реиԥылараан Инал Арӡынба ЕАР Амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш ихьӡала ашәҟәы ишьҭит. Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра ЕАР аҿы аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аиҭарц ааԥхьара ҟаиҵоит, уи ЕАР Ассамблеиа хадаҿы имҩаԥысуа аимак-аиҿак алахәхара алнаршоит ҳәа.
Аԥсны
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аҿиара ахықәкқәа рфорум Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп
Қырҭтәыла ААР ари адәныҟаполитикатә шьаҿа иҵоурамкәа азхьаԥшра анаҭеит, агәыӷрагьы аанарԥшит "адунеитә еилазаара Қырҭтәыла асуверинитети аҵакыратә акзаареи азханаҵап" ҳәа.
Асеиԥш иҟоу "игәыҵкапу" аҭак иаанаго Аахыҵ Кавказ ашәарҭадара аиҿкаара амҩа анылара аҭахымхароуп, иара иаанарԥшуеит Қарҭаа аицәажәара ишазхиам, иагьшаҭахым Аахыҵ Кавказ иахьатәи аамҭазы ишьақәгыланы иҟоу аполитикатә реал ҿыцқәа рбара ҳәа азгәарҭеит Аԥсны ААР аҿы.
Ақырҭуа дипломатцәа аҽазныкгьы иргәаладыршәеит, ООН аҿы аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аиура алзыршо ООН Ассамблеиа хадоуп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра акәым ҳәа.

"Қырҭтәыла иалшоит Аԥсны адунеитә еилазаара ахааназгьы иазханаҵом ҳәа агәрагара амазарц, аха Ассамблеиа хада алахәылацәа аӡбрақәа анрыдыркыло еснагь Қарҭ абжьы иазыӡырҩуеит ҳәа агәрагара ахәҭам, иагьақәгәыӷтәым", - ҳәа аҳәоит Аҟәа аофициалтә позициа.

Аԥсны
"Ажәа аҟынтәи аус ахь аиасра аамҭа ааит": Инал Арӡынба аканал RT аинтервиу аиҭеит
Қарҭ агәыӷра аанарԥшит, иагьақәгәыӷуеит "адунеитә еилазаара Қырҭтәыла асуверинитети аҵакыратә акзаареи азханаҵап" ҳәа. Аха адунеитә еилазаара ушьҭа еилнакаар ахәҭоуп Қырҭтәыла Аԥсны адунеижәларбжьаратә ҭахкааразы иалшо зегь шыҟанаҵо, ишаԥнаҵо хыԥхьаӡара рацәала агуманитартә ҟазшьа змоу ауадаҩрақәа, атәылауаа рзинқәа шеиланаго ҳәа азгәарҭеит адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы.
Уи адагьы Қарҭ ганктәи апозициа еснагь адгылара аҭара Қырҭтәыла аконфронтациатә ҭаххара иаднацәылоит, жәларбжьарала иазхаҵо аиҿцәажәаратә механизм – Женеватәи аиҿцәажәарақәа, рҳәаақәа ирҭагӡаны аказкылсра иаԥырхагоуп ҳәа рҳәоит Аԥсны ААР аҿы.
Борисови Инал Арӡынбеи реиԥылараан хаҭала иазгәаҭан ООН аусдҵа хадақәа иреиуаны ишыҟоу, иара Аԥҟаԥҵәа шьаҭаны ишазыҟоу – амилаҭ дуқәеи амилаҭ маҷқәеи рзинқәа еиҟараны рызнеира.