Аԥсны

Аексперт апандемиаан Аԥсны аекономика аҿиаразы иаҭаху аҭагылазаашьа далацәажәеит

2020 шықәсазы адунеитә економика ааизакни хаз игоу атәылақәа рекономикеи апандемиа иахҟьаны акыр икаҳаит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Аԥсны апандемиаан ахатә економика арҿиаразы иаԥшаароуп аџьармыкьаҿ ахатә ҭыԥ ҳәа азиԥхьаӡоит урыстәылатәи аексперт Игорь Николаев.
"Ақәҿиара шьаҭас иамоуп ахатә ҭыԥ амазаара. Абизнес аҿеиԥшҵәҟьа. Егьырҭ иреиӷьны иузыҟаҵо, егьырҭ излараԥуго. Аԥсҭазаара иаҳнарбоит идуум атәылақәагьы ишрылшо аҽаӡә изаамрыхуа аалыҵ аарыхра, аҽаӡә изыҟамҵо акы аҟаҵара", - ҳәа иҳәеит иара.
Аексперт агәра ганы дыҟоуп атәыла маҷқәагьы аекономикатә џьармыкьаҿы асеиԥш рхатә ҭыԥқәа рыԥшаара шрылшо, егьырҭ атәылақәеи дареи реинырра алҵшәа шырзаанаго.
Николаев иинформациала, апандемиа ҵысыижьҭеи Урыстәыла аизак аалыҵ 2,7% рыла илаҟәит, адунеитә економика 3,5% рыла илаҟәит.
2020 шықәса иаҿырԥшны 2021 шықәсазы Урыстәыла аекономика 4,5% еиҳа ишьҭыҵит ҳәа ишьоуп.
Аԥсны
2021 шықәса рзы Аԥсныҟа 51,5 млрд мааҭ аԥара аланагалеит