https://sputnik-abkhazia.info/20220214/aekspert-apandemiaan-asny-aekonomika-aiarazy-iaakhu-aagylazaasha-dalatsazheit-1037569994.html
Аексперт апандемиаан Аԥсны аекономика аҿиаразы иаҭаху аҭагылазаашьа далацәажәеит
Аексперт апандемиаан Аԥсны аекономика аҿиаразы иаҭаху аҭагылазаашьа далацәажәеит
Sputnik Аҧсны
2020 шықәсазы адунеитә економика ааизакни хаз игоу атәылақәа рекономикеи апандемиа иахҟьаны акыр икаҳаит. 14.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-14T10:00+0300
2022-02-14T10:00+0300
2022-02-14T23:37+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аекономика
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/09/1031805913_2:0:1780:1000_1920x0_80_0_0_e7039135820e14da54ae7c66f7705316.jpg
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Аԥсны апандемиаан ахатә економика арҿиаразы иаԥшаароуп аџьармыкьаҿ ахатә ҭыԥ ҳәа азиԥхьаӡоит урыстәылатәи аексперт Игорь Николаев.Аексперт агәра ганы дыҟоуп атәыла маҷқәагьы аекономикатә џьармыкьаҿы асеиԥш рхатә ҭыԥқәа рыԥшаара шрылшо, егьырҭ атәылақәеи дареи реинырра алҵшәа шырзаанаго.Николаев иинформациала, апандемиа ҵысыижьҭеи Урыстәыла аизак аалыҵ 2,7% рыла илаҟәит, адунеитә економика 3,5% рыла илаҟәит.2020 шықәса иаҿырԥшны 2021 шықәсазы Урыстәыла аекономика 4,5% еиҳа ишьҭыҵит ҳәа ишьоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20220213/2021-shysa-rzy-asnya-515-mlrd-maa-aara-alanagaleit-1037566690.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/09/1031805913_224:0:1557:1000_1920x0_80_0_0_646a1621bc36a3418b50b1ec79fede13.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аекономика, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ажәабжьқәа, аекономика, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Аексперт апандемиаан Аԥсны аекономика аҿиаразы иаҭаху аҭагылазаашьа далацәажәеит
10:00 14.02.2022 (ирҿыцуп: 23:37 14.02.2022) 2020 шықәсазы адунеитә економика ааизакни хаз игоу атәылақәа рекономикеи апандемиа иахҟьаны акыр икаҳаит.
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Аԥсны апандемиаан ахатә економика арҿиаразы иаԥшаароуп аџьармыкьаҿ ахатә ҭыԥ ҳәа азиԥхьаӡоит урыстәылатәи аексперт Игорь Николаев.
"Ақәҿиара шьаҭас иамоуп ахатә ҭыԥ амазаара. Абизнес аҿеиԥшҵәҟьа. Егьырҭ иреиӷьны иузыҟаҵо, егьырҭ излараԥуго. Аԥсҭазаара иаҳнарбоит идуум атәылақәагьы ишрылшо аҽаӡә изаамрыхуа аалыҵ аарыхра, аҽаӡә изыҟамҵо акы аҟаҵара", - ҳәа иҳәеит иара.
Аексперт агәра ганы дыҟоуп атәыла маҷқәагьы аекономикатә џьармыкьаҿы асеиԥш рхатә ҭыԥқәа рыԥшаара шрылшо, егьырҭ атәылақәеи дареи реинырра алҵшәа шырзаанаго.
Николаев иинформациала, апандемиа ҵысыижьҭеи Урыстәыла аизак аалыҵ 2,7% рыла илаҟәит, адунеитә економика 3,5% рыла илаҟәит.
2020 шықәса иаҿырԥшны 2021 шықәсазы Урыстәыла аекономика 4,5% еиҳа ишьҭыҵит ҳәа ишьоуп.