Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2021 шықәса рзы Аԥсныҟа 51,5 млрд мааҭ аԥара аланагалеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМонеты номиналом один рубль.
Монеты номиналом один рубль. - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны абанктә системала аԥаратә хархәагақәа ртрансҳәаатә еикәыршара иартәеит 97,6 млрд мааҭ.
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Аԥсны абанктә системала иааз аԥаратә хархәагақәа идыртәеит 51,5 млрд мааҭ, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Амилаҭтә банк.
Абанк адыррақәа рыла, 2021 шықәса рзы Аԥснынтәи ицаз афинансқәа идыртәеит 46,1 млрд мааҭ. Убас ала, аԥаратә хархәагақәа рааиреи рцареи 5,4 млрд мааҭ еивыргоит.
Ари аԥареицҵа 2020 шықәса рзы иҟаз арбагақәа акыр иреиҳауп. Усҟан иҵоуроу асальдо иартәон 2,2 млрд мааҭ. Аԥара ааира иартәеит 32,1 млрд мааҭ, ацара – 29,9 млрд мааҭ.
Аԥсны абанктә системала аԥаратә хархәагақәа рааира аилазаашьа

Абанктә операциақәа рхыҵхырҭақәа

Азеиԥш ԥара

Аԥсны абанкқәа рҟны иаарту аиуристтә хаҿқәеи ахазхаҿқәеи рыԥхьаӡамҭақәа

28,9 млрд мааҭ

Урыстәылатәи абанктә хсаалагақәа рхархәарала асистема "АԤРА" аҿы аоперациақәа

13,6 млрд мааҭ

Ареспублика асоциал-економикатә ҿиаразы урыстәылатәи афинанстә цхыраара аҳасабала Аԥсны абиуџьет иаланагалаз

5,2 млрд мааҭ

Урыстәылатәи атәанчахәы аҳасабала иаланагалаз

3,8 млрд мааҭ

Абанктә операциақәа рымҩаԥгаразы еиҳа ахархәара амоуп урыстәылатәи амааҭ (89,2% аоперациақәа), анаҩс америкатәи адоллар (6,9%), евро (3,4%). Егьырҭ авалиутақәа (иапониатәи аиена, китаитәи аиуань, аҭырқәа лира) ирықәшәеит 0,5% аоперациақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0