Аԥсны

Белиаева аҟәатәи асанепидмаҵзура апандемиа аамҭаз аусура шцо далацәажәеит

Адунеи аҟны аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 49 135-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 581-ы, урҭ рахьтә 327-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik. Аҟәа асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева илҳәеит аҳҭнықалақь аҿы ашықәс иаалагазар аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу. Абри атәы аҩуеит Аҟәа ахадара аофициалтә портал Белиаева агазеҭ "Аҟәа-Сухум" иалҭаз аинтервиу шьаҭас иганы.
Белиаева лажәақәа рыла асанепидмаҵзура аусзуҩцәа рус дууп. Есыҽны алабораториақәа ирзынарышьҭуеит аҿкы змоу ареспублика атәылауаа рсиа. Урҭ зегьы аҭел ирзасны атест ианарбаз раҳәатәуп.
Аԥсны
Гәдоуҭатәи аковид-хәшәтәырҭаҿы иаадыртыз аҟәша-цҵа ҩымш рыла иҭәит
Ичмазаҩхаз даҟәатәизар, аполиклиникахь инарышьҭуеит адыррақәа, уа аҳақьым анаҩс ахылаԥшра ҟаиҵалоит. Асеиԥш аҭахуп ахәшәтәра шцо аилкаарази аршаҳаҭгашәҟәқәа рылҩаарази ҳәа лҳәеит Белиаева.

Алла Белиаева иазгәалҭеит COVID-19 змоу еиҳа ишырацәоу. Бжьаратәла 150 – 200-ҩык уахыки ҽнаки рыла аҿкыра рыдырбалоит.

Амедусзуҩцәа ракәзар ажьырныҳәа 21 аахыс ԥсшьарамшыда аус руеит ҳәа лҳәеит Белиаева.
Аҟәа асанитартә ҳақьым хада илҳәеит абиоматериал, ПЦР-тестқәа рзы аҩнынтәгьы ишырго, уи атәылауаа ишырзыманшәалоу. Абри аус аҿы асанепидемаҵзура ацхыраара анаҭеит жәларбжьаратәи аиҿкаара HALO Trust – арныҟәцаҩцәеи амашьынақәеи рыла еиқәнаршәеит. Атестмҩаԥгара ццакхеит, ауаагьы еиҳа мҽхакыҭбаала ианаамҭоу ацхыраара роуеит.
Аԥсны
Быҭәба COVID-19 хызҽуа алаҵа шаҟа ԥхьакәу ахәшьара аиҭеит
Белиаева илҳәеит абригадақәа рлахәылацәа акоронавирустә инфекциазы атестқәа ишырхысуа, ахалаҭқәа, анапхаҵақәа, асабрадақәа рыла ишеибыҭоу ачымазцәа рахь ианнеиуа.
COVID-19 иадҳәалоу ахьанҭарақәа рнаҩсгьы асанепидмаҵзура егьырҭ анапынҵақәагьы ирхылаԥшуеит – аӡржәтәи амшынӡи рыцқьара, афатәааглыхратә хыбрақәа рхылаԥшра, аҩнеихагылақәа рҿы акәыбрқәеи архәыдқәеи рнырҵәара.