Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭатәи аковид-хәшәтәырҭаҿы иаадыртыз аҟәша-цҵа ҩымш рыла иҭәит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2022
Анапаҵаҩра
Жәабран 11 рзы имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иҳәеит Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы ишаадыртуа аҟәша-цҵа.
АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik. Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҟәша-цҵа ҩымш рыла иҭәит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҿкы аҟәша аиҳабы Ангелина Оҭырԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, жәабран 14 рзы агоспиталь аҿы ишьҭоуп 100-ҩык ачымазцәа, есыҽны 10-14-ҩык наргоит. Рҭагылазаашьа уадаҩны иҟоуп 35-ҩык, ареанимациаҿ ишьҭоуп 11-ҩык.
Оҭырԥҳа ишылҳәо ала, акоронавирустә инфекциа змоу рхыԥхьаӡара изагхом аԥкратә уснагӡатәқәа аӡәгьы дахьрықәымныҟәо азы.
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2022
Аԥсны
COVID-19 змоу рзы аҟәшацҵа аадыртуеит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 49 135-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 40 422-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 620-ҩык.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 100-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 44-ҩык. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 27-ҩык. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 31-ҩык ачымазцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0