https://sputnik-abkhazia.info/20220215/beliaeva-aati-asanepidmazura-apandemia-aamaz-ausura-shtso-dalatsazheit-1037596163.html
Белиаева аҟәатәи асанепидмаҵзура апандемиа аамҭаз аусура шцо далацәажәеит
Белиаева аҟәатәи асанепидмаҵзура апандемиа аамҭаз аусура шцо далацәажәеит
Sputnik Аҧсны
Адунеи аҟны аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 49 135-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы Аԥсны ауааԥсыра... 15.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-15T13:49+0300
2022-02-15T13:49+0300
2022-02-15T13:49+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/02/1037395840_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_d8380d6e3b53e16f4a45920831fe0844.jpg
АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik. Аҟәа асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева илҳәеит аҳҭнықалақь аҿы ашықәс иаалагазар аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу. Абри атәы аҩуеит Аҟәа ахадара аофициалтә портал Белиаева агазеҭ "Аҟәа-Сухум" иалҭаз аинтервиу шьаҭас иганы.Белиаева лажәақәа рыла асанепидмаҵзура аусзуҩцәа рус дууп. Есыҽны алабораториақәа ирзынарышьҭуеит аҿкы змоу ареспублика атәылауаа рсиа. Урҭ зегьы аҭел ирзасны атест ианарбаз раҳәатәуп.Ичмазаҩхаз даҟәатәизар, аполиклиникахь инарышьҭуеит адыррақәа, уа аҳақьым анаҩс ахылаԥшра ҟаиҵалоит. Асеиԥш аҭахуп ахәшәтәра шцо аилкаарази аршаҳаҭгашәҟәқәа рылҩаарази ҳәа лҳәеит Белиаева.Амедусзуҩцәа ракәзар ажьырныҳәа 21 аахыс ԥсшьарамшыда аус руеит ҳәа лҳәеит Белиаева.Аҟәа асанитартә ҳақьым хада илҳәеит абиоматериал, ПЦР-тестқәа рзы аҩнынтәгьы ишырго, уи атәылауаа ишырзыманшәалоу. Абри аус аҿы асанепидемаҵзура ацхыраара анаҭеит жәларбжьаратәи аиҿкаара HALO Trust – арныҟәцаҩцәеи амашьынақәеи рыла еиқәнаршәеит. Атестмҩаԥгара ццакхеит, ауаагьы еиҳа мҽхакыҭбаала ианаамҭоу ацхыраара роуеит.Белиаева илҳәеит абригадақәа рлахәылацәа акоронавирустә инфекциазы атестқәа ишырхысуа, ахалаҭқәа, анапхаҵақәа, асабрадақәа рыла ишеибыҭоу ачымазцәа рахь ианнеиуа.COVID-19 иадҳәалоу ахьанҭарақәа рнаҩсгьы асанепидмаҵзура егьырҭ анапынҵақәагьы ирхылаԥшуеит – аӡржәтәи амшынӡи рыцқьара, афатәааглыхратә хыбрақәа рхылаԥшра, аҩнеихагылақәа рҿы акәыбрқәеи архәыдқәеи рнырҵәара.
https://sputnik-abkhazia.info/20220215/gdouati-akovid-khshtyray-iaadyrtyz-asha-tsa-ymsh-ryla-iit-1037590417.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220211/byba-covid-19-khyzua-alaa-shaa-khaku-akhshara-aieit-1037542902.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/02/1037395840_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_acc758f433508adb27d3cfa1ee0dc398.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Белиаева аҟәатәи асанепидмаҵзура апандемиа аамҭаз аусура шцо далацәажәеит
Адунеи аҟны аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 49 135-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 581-ы, урҭ рахьтә 327-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит.
АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik. Аҟәа асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева илҳәеит аҳҭнықалақь аҿы ашықәс иаалагазар аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу. Абри атәы аҩуеит Аҟәа ахадара аофициалтә
портал Белиаева агазеҭ "Аҟәа-Сухум" иалҭаз аинтервиу шьаҭас иганы.
Белиаева лажәақәа рыла асанепидмаҵзура аусзуҩцәа рус дууп. Есыҽны алабораториақәа ирзынарышьҭуеит аҿкы змоу ареспублика атәылауаа рсиа. Урҭ зегьы аҭел ирзасны атест ианарбаз раҳәатәуп.
Ичмазаҩхаз даҟәатәизар, аполиклиникахь инарышьҭуеит адыррақәа, уа аҳақьым анаҩс ахылаԥшра ҟаиҵалоит. Асеиԥш аҭахуп ахәшәтәра шцо аилкаарази аршаҳаҭгашәҟәқәа рылҩаарази ҳәа лҳәеит Белиаева.
Алла Белиаева иазгәалҭеит COVID-19 змоу еиҳа ишырацәоу. Бжьаратәла 150 – 200-ҩык уахыки ҽнаки рыла аҿкыра рыдырбалоит.
Амедусзуҩцәа ракәзар ажьырныҳәа 21 аахыс ԥсшьарамшыда аус руеит ҳәа лҳәеит Белиаева.
Аҟәа асанитартә ҳақьым хада илҳәеит абиоматериал, ПЦР-тестқәа рзы аҩнынтәгьы ишырго, уи атәылауаа ишырзыманшәалоу. Абри аус аҿы асанепидемаҵзура ацхыраара анаҭеит жәларбжьаратәи аиҿкаара HALO Trust – арныҟәцаҩцәеи амашьынақәеи рыла еиқәнаршәеит. Атестмҩаԥгара ццакхеит, ауаагьы еиҳа мҽхакыҭбаала ианаамҭоу ацхыраара роуеит.
Белиаева илҳәеит абригадақәа рлахәылацәа акоронавирустә инфекциазы атестқәа ишырхысуа, ахалаҭқәа, анапхаҵақәа, асабрадақәа рыла ишеибыҭоу ачымазцәа рахь ианнеиуа.
COVID-19 иадҳәалоу ахьанҭарақәа рнаҩсгьы асанепидмаҵзура егьырҭ анапынҵақәагьы ирхылаԥшуеит – аӡржәтәи амшынӡи рыцқьара, афатәааглыхратә хыбрақәа рхылаԥшра, аҩнеихагылақәа рҿы акәыбрқәеи архәыдқәеи рнырҵәара.