АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ДЖәРи ЛЖәРи рхадацәа Денис Пушилини Леонид Пасечники рыхьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит.
"Ҳаҭыр зқәу Денис Владимир -иԥа, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Донецктәи Жәлар Рреспублика Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала иаиуз ахьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара. Шәара шәтәыла ашьақәгылареи аҿиареи рымҩаҟны акрызҵазкуа хҭысны иҟалаз 2022 шықәса жәабранмза 21 арыцхә, Донецктәи Жәлар Рреспублика аҭоурых ианылоит аиаша аиааира анагаз амш аҳасабала", - ҳәа аҳәоит Пушилин изыҟаҵоу адныҳәалара.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит, ҳажәлар ибзианы ишырдыруа ахақәиҭра иахҭынҵоу ахә ашьара шыуадаҩу.
ЛЖәР ахада идныҳәалараҿы Бжьаниа ари аӡбымҭа аҭоурых ҵак амоуп ҳәа ахиҳәааит.
"Ари, Урыстәыла иаднакылаз аҭоурых ӡбамҭа ЛЖәР ауааԥсыра рзы илахьынҵаӡбагоуп, аҳәынҭқарра аргылараҿы, аҿиараҿы иҿыцу ахаҭабзиара змоу етапхоит. Аибашьра зхызгаз Аԥсны жәлар аҽаӡәы иламҩашьо ибзианы еилыркаауеит ЛЖәР ауааԥсыра рҭахра", - ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.
Бжьаниа ДЖәРи ЛЖәРи иқәынхо ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аманшәалара аизҳазыӷьара.