Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа: Аԥсны адгылара анаҭоит Урыстәыла ДЖәРи ЛЖәРи ахьазханаҵаз

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания на пресс-конференции
Аслан Бжания на пресс-конференции  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеит.
АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымреи рсуверинитети ахьазхнаҵаз адгылара аҳҭоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Урыстәыла адгылаҩык аҳасаб ала Аԥсны Аҳәынҭқарра Урыстәыла аиҳабыра рыӡбамҭа адгылара анаҭоит. Агәра ганы ҳаҟоуп ари аӡбамҭа арегион аҿы ашәарҭадара арӷәӷәара ишацхраауа. Уи инеиҳангьы ҳақәгәыӷуеит, Урыстәыла Донбасс ареспубликақәа разхаҵарала аҭынчԥсҭазаара шышьақәгыло, амилаҭ маҷқәа рзинқәа шыхьчахо, жәларбжьаратәи аилазаараҿ урҭ пату рықәны рыбжьы раҳауа иҟалап ҳәа", - аҳәоит ахада иҳәамҭа аҟны.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Донбасс иқәынхо ажәлар акыршықәса аџьамыхәа шырхыргоз.
Флаг ЛНР ДНР и России  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеит
"Украина аиҳабыра Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рпункт хадақәа ишалшоз ала ирызхьаԥшуамызт, мап рцәыркуан, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара еиҵарҟьон, Донбасс ауааԥсыра рҭахрақәа рымбозшәа ҟарҵон. Украина аганахь ала аимак адипломатиатә ҭышәныртәалара ахьарххоз аҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩит", - ҳәа иҳәеит ахада.
Бжьаниа иазгәеиҭеит аимак аҭагылазаашьа иахырҟьаны Донбасс аҭынчуааԥсыра рхы рыхьчарцаз рыҩнқәа ирхыҵны Урыстәылаҟа ишцаз.

Аслан Бжьаниа Донецктәи Жәлар рреспубликеи Лугансктәи Жәлар рреспубликеи руааԥсыра ирзеиӷьеишьеит иаарласны атышәнартәалара, аҭынчра, аизҳазыӷьара.

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Донбасс аҭагылазаашьа иаалырҟьаны еибарххеит. Аҭыԥантәи амчрақәа аҭынчуааԥсыра хыԥхьаӡара рацәала Урыстәылаҟа иахыргеит, азеиԥш ҽеидкылара рыларҳәеит украинатәи амчрақәа Донбасс иажәлар ҟалоит ҳәа иҟаз ашәарҭаразы.
Владимир Путин ашәахьа, Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь Урыстәыла атәылауаа рахь аҳәамҭа ҟаҵо иазгәеиҭеит аамҭа мгакәа Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рсуверинитет азхаҵара ада ԥсыхәа ыҟамкәа ишибо.
Урыстәыла ахада Владимир Путин абри ашьҭахь инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа.
Ажәабжьқәа зегьы
0