АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла ДЖәРи ЛЖәРи ахьазханаҵаз азинмч аманы иашьоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
"Донецктәи Жәлар рреспубликеи Лугансктәи Жәлар рреспубликеи рҳәынҭқарратә суверинитети рхьыԥшымреи Урыстәылатәи Афедерациа ахада иахьазхеиҵаз ҳадгылоит, азиншьаҭа аманы ҳахәаԥшуеит", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иазгәарҭоит донбасстәи ареспубликақәеи Аԥсни ԥхьаҟатәи аинырра аҿиаразы атәыла анапхгара рыҩаӡарала ишалацәажәахо. Иара убас, аусбарҭа шазхиоу аизыҟазаашьақәа рыҿиара арҭбааразы Ареспубликақәа рханарнакцәеи дареи реилацәажәара.
Уаанӡа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ДЖәРи ЛЖәРи рхадацәа рыхьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит.