Медведев: НАТОи ЕААи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара ҽеила ирызгәнымкылеит

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСовет Россия - НАТО в Брюсселе
Совет Россия - НАТО в Брюсселе - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2022
Анапаҵаҩра
Жәабран 21 азы имҩаԥысыз Ашәарҭадаратә хеилак ашьҭахь Урыстәыла ахада Владимир Путин Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа разхаҵара рылеиҳәеит.
АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik. НАТОи ЕААи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара ҽеила ирызгәнымкылеит ҳәа реиҳәеит ажурналистцәа Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев, Донбасс аганахь ала аӡбра ахҳәаа аҭо.

"2008 шықәсазы сара исыдскылеит имариамыз аӡбамҭа – Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵаразы. Арратәи аполитикатәи мчра ахархәара аҭаххеит, аха Урыстәыла иалшеит зықьҩыла ауаа рыԥсҭазаарақәа реиқәырхара. Ари рҵаган НАТО, ЕАА уҳәа атәылақәа рзы. Аха НАТО ари азеилымкаакәа Урыстәыла аҳәаақәа аҽрыднахалоит, алианс иалахәылацәахар зылшо еидкыло", - ҳәа иҳәеит иара.

Мраҭашәара Киев иацхраауан Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа ианрықәымныҟәоз, амилаҭеилыхыҩцәа иԥсыҽу атәыла ахадеи ирҭахыз амҩа ианырҵон ҳәа иҳәеит Медведев.
Отправление беженцев из ДНР и ЛНР в регионы России - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2022
70 нызқьҩык Донбасс ауааԥсыра Урыстәылаҟа иахыгоуп
"Донецки Лугански рҿы аибашьара ԥҟаррак иаҵанакуамызт. Ауаа арепрессиақәа рхыргеит. Рыҩнқәа рбылуан, ашәара иҭаргылан ирыман, рҭыԥқәа ирхырцон", - ҳәа иҳәеит иара.
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Донбасс аҭагылазаашьа иаалырҟьаны еибарххеит. Аҭыԥантәи амчрақәа аҭынчуааԥсыра хыԥхьаӡара рацәала Урыстәылаҟа иахыргеит. Асабша, жәабран 19 азы ДЖәРеи ЛЖәРеи рхадацәа азеиԥш ҽеидкылара рыларҳәеит украинатәи амчрақәа Донбасс иажәлар ҟалоит ҳәа иҟаз ашәарҭаразы.
Владимир Путин ашәахьа, Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь Урыстәыла атәылауаа рахь аҳәамҭа ҟаҵо иазгәеиҭеит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра шазхеиҵо.
Ажәабжьқәа зегьы
0