Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин Атәылахьчара аминистрра адҵа аиҭеит ДЖәРи ЛЖәРи рҟны аҭынчра ашьақәгылара иацхраарц

Донецки Лугански жәлар рреспубликақәеи Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Атәылахьчара аминистрра адҵа аиҭеит ДЖәРи ЛЖәРи рҟны урыстәылатәи арбџьармчқәа рымч ала аҭынчра ашьақәгылара иацхраарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны адгылара анаҭоит Урыстәыла ДЖәРи ЛЖәРи ахьазханаҵаз
Путин иусдҵала иара убасгьы Урыстәыла ААР анапынҵа аҭоуп ДЖәРи ЛЖәРи Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы аилацәажәарақәа мҩаԥгазарц.
Владимир Путин ашәахьа, Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь Урыстәыла атәылауаа рахь аҳәамҭа ҟаҵо иазгәеиҭеит аамҭа мгакәа Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рсуверинитет азхаҵара ада ԥсыхәа ыҟамкәа ишибо, избанзар ашьакаҭәареи, ацәгьоуреи, азакәан мап ацәкреи рымҩа ылызхыз аибашьратә мҩада аҽа мҩак рымбо иахьыҟалаз азы. Урыстәыла ахада Владимир Путин абри ашьҭахь инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа.