АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Жәабран 22 инаркны Урыстәылеи Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ААР.
"Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин 2022 шықәса жәабран 21 азтәи Идҵа № 71 инақәыршәаны иахьа, жәабран 22, 2022 шықәса азы Урыстәыла ААРи Донецктәи Жәлар рреспублика ААРи Урыстәыла ААРи Лугансктәи Жәлар рреспублика ААРи рыбжьара анотақәа реимдарала аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵоуп адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы", - аҳәоит аусбарҭа аҳәамҭаҿ.
Аҩаша, Урыстәыла АА аминистр Сергеи Лавров иколлегацәа Наталиа Никоноровеи Владислав Деинегои адныҳәаларатә шәҟәқәа рзишьҭит.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит Москва ареспубликақәа рыҩба ртәылауаа ринтересқәа инарықәыршәаны аусеицура ишазыхио.
Владимир Путин ашәахьа, Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь Урыстәыла атәылауаа рахь аҳәамҭа ҟаҵо иазгәеиҭеит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра шазхеиҵо, уи азы Аусԥҟа инапы аҵаҩит жәабран 21 азы.