Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Апрокуратура хада Жәлар Реизарахь алхрақәа раамҭазы аусура арӷәӷәоит

Жәабран 23 азтәи адыррақәа рыла Апарламент адепутатрахь акандидатцәа зыӡбахә ҳәоу 133-ҩык рахьынтәи ашәҟәы иҭарыҩхьеит 122-ҩык, АКХ аҟны адепутатрахь акандидатцәа руаӡәк ашәҟәы дҭыргеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада Жәлар Реизарахь алхрақәа раамҭазы аусура арӷәӷәоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Апрокурор хада иусдҵа инақәыршәаны азакәанԥҵара иазыԥхьагәанаҭо ашшыԥхьыӡқәа ианаамҭоу рыҭҵаара еиҿкаатәуп, аԥсшьарамшқәа раангьы.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ аҿы Аԥсны Апарламент адепутатрахь даҽа хҩык акандидатцәа ҭарҩит
Уи адагьы апрокуратура хада аусузҩцәа алхрақәа раамҭазы атәылауаа рыдкыларазы иҷаԥшьалоит, азакәанқәа рықәныҟәареи, агитациақәа рымҩаԥгареи, аԥаразоужьреи ирышьклаԥшлоит.
Ацәгьоуратә ҟазшьақәа раарԥшраан апрокуратура иахәҭоу агәаҭарақәа хацнаркуеит.
Адепутатрахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара хыркәшахоит хәажәкыра 2 азы.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 рзы. Жәлар Реизарахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара ҳтәыла азакәанԥҵаратә политика аџьабаа азырбалоит иааиуа хәышықәса ирылагӡаны.