Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

АКХ аҿы Аԥсны Апарламент адепутатрахь даҽа хҩык акандидатцәа ҭарҩит

© Sputnik / Томас Тхайцук ЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2022
Анапаҵаҩра
Иааидкыланы ари аамҭазы Апарламент адепутатрахь акандидатцәа зыӡбахә ҳәоу 133-ҩык рахьынтәи ашәҟәы иҭарыҩхьеит 122-ҩык, АКХ аҟны адепутатрахь акандидатцәа руаӡәк ашәҟәы дҭыргеит.
АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы жәабран 23 азы иҭарҩит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутрахь акандидатцәа даҽа хҩык.
АКХ инаргаз ашәҟәқәа анҭырҵаа ашьҭахь, иҭарҩит анаҩстәи акандидатцәа:
Елена Жилинскаиа -алхратә ҭыԥ хада №2 (Аҳабла ҿыц)
Геннади Арӡынба- алхратә ҭыԥ хада №3 (Ажәытә ҳабла)
Гәында Ҵәыџьба- алхратә ҭыԥ хада №32 (Очамчыратәи)
Иааидкыланы ари аамҭазы Апарламент адепутатрахь акандидатцәа зыӡбахә ҳәоу 133-ҩык рахьынтәи ашәҟәы иҭарыҩхьеит 122-ҩык, АКХ аҟны адепутатрахь акандидатцәа руаӡәк ашәҟәы дҭыргеит.
Акандидатцәа рышәҟәҭагалара мҩаԥыслоит хәажәкыра ҩба рҟынӡа.
Зынӡа иҭаҩын аԥшьгаратә гәыԥқәа 118-и 15-ҩык акандидатцәа ықәзыргылаз аполитикатә партиақәа хәбеи. Урҭ зегьы жәбар шәылшоит абра.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 рзы. Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара ҳтәыла азакәанԥҵаратә политика аџьабаа азырбалоит иааиуа хәышықәса ирылагӡаны.
Абжьыҭаразы азин рымоуп абжьыҭара амш аҽнынӡа 18 шықәса зхыҵхьоу дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩ.
Жәлар Реизарахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рымҩаԥгаразы атәыла абиуџьет аҟынтәи иазоужьуп 20 миллион мааҭ.
Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны Жәлар Реизара алхрақәа рахь жәларбжьаратәи анаԥшцәа 30-ҩык ааԥхьара рымоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0