Аԥсны

Бжьаниа украинатәи аҭагылазаашьа далацәажәеит Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала имҩаԥысит ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ахәаша жәабран 25 азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы иазааҭгылеит аҩнуҵҟатәи адәныҟатәи азҵаарақәа, ахәҭакахь ала Украина иҟоу аҭагылазаашьа ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
"Ҳара ҳадгылоит ари азҵаара аганахь ала Урыстәыла иаднакылаз аӡбамҭа. Иара убас, иҟоуп иӡбатәу азҵаарақәагьы", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Уаанӡа, Аҳәынҭқарра ахада иҳәахьан Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рсуверенитети рхьыԥшымреи разхаҵаразы Урыстәыла ахада иӡбамҭа дшадгыло.
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны адгылара анаҭоит Урыстәыла ДЖәРи ЛЖәРи ахьазханаҵаз