Аԥсны

Донецки Лугански рҟынтәи ахҵәацәа Аԥсны амедусҳәарҭақәа рҿы ацхыраара рырҭалоит

Жәабран 24 азы Аԥсныҟа иааргеит ДЖәРи ЛЖәРи рҟынтәи ахҵәацәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. ДЖәРи ЛЖәРи рҟынтәи ахҵәацәа Аԥсны амедусҳәарҭақәа рҿы иахәҭаны иҟало ацхыраара рырҭалоит ҳәа аҩуеит "Аԥсныпресс" амаҵзура, Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аԥсны
Аԥсны АҶА рминистр еиҭеиҳәеит ахҵәацәа Аҟәаҟа ишааргоз атәы
Агәабзиарахьчара аминистр асасааирҭа "Аиҭар"аҿы ахҵәацәа дырԥылеит.
Зынӡа ареспубликахь иааган 93-ҩык, урҭ рҟынтәи 49-ҩык ахәыҷқәа.
"Ахылаԥшцәа шьақәҳарӷәӷәеит, дареи шәареи шәеимадазаауеит, иаҭаху ацхыраара шәоулоит", - иҳәеит Быҭәба.
Иара иҳәеит, аԥсуа жәлар ибзианы ишеилыркаауа аибашьра закәу. Иазгәеиҭеит, хәшәла реиқәыршәараз ауадаҩра шцәырымҵа, апансионат аҿы иҷаԥшьоит амедусзуҩцәа.
Аслан Бжьаниа инапынҵала Аԥсны еиҿкаауп Донецки Лугански ареспубликақәа рҟынтәи ахҵәацәа рыдкылара.