Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны АҶА рминистр еиҭеиҳәеит ахҵәацәа Аҟәаҟа ишааргоз атәы

© Sputnik / Томас Тхайцук Прибытие беженцев из ДНР и ЛНР в Сухум
Прибытие беженцев из ДНР и ЛНР в Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра Аҟәаҟа иааргеит Лугански Донецки жәлар рреспубликақәа рҟынтәи ахҵәацәа жәабран 24 азы.
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа Sputnik аҿы имҩаԥысуаз абрифинг аҿы еиҭеиҳәеит ахҵәацәа раагара аус шымҩаԥысуаз.
"Аԥсны ахада ҳнапы ианиҵеит Лугански Донецки жәлар рреспубликақәа рҟынтәи ахҵәацәа алганы Аԥсныҟа иааҳгарц. Аус анагӡаразы агәыԥ еиҿкаан, уи ашьҭахь амашьынақәа иқәҵан", - иҳәеит АҶА аиҳабы.
Зынӡа 93-ҩык аагеит, урҭ рҟынтәи 49-ҩык хәыҷқәоуп, аӡәы дтәанчаҩуп ҳәа иҳәеит Лев Кәыҵниа.
"Ҳавтобусқәа Луганскгьы Донецкгьы иаламлеит. Луганск иҟоу АГП "Гуково" ахь ауаа ааргеит, уахьынтәи ҳара иқәаагеит. Донбассгьы иара убас ауп, аушьҭырҭа-гәаҭаратә пунк "Успенка" аҟынтәи ауаа аагеит",- иҳәеит аминистр.
Колонна МЧС с беженцами из Донбасса  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2022
Аԥсны
Лугански Донецки рҟынтәи ахҵәацәа аазго раԥхьатәи автобусқәа Аԥсныҟа амҩа иқәлеит
Автобусқәа апассаџьырцәа рырманшәаларазы имыццакыкәа амҩа иқәын иҳәоит иара.
"Ес-сааҭ ҳаангылон. Ахәыҷқәа ргәалаҟазаара бзиан. Адуцәа, ҳәарада, рҭагылазаашьа еилкаауп, урҭ уа рашьцәа рхацәа аанрыжьит. Амҩа ҳахьықәыз Урыстәыла ААИ, АҶА ацхыраара ҳарҭон. Иара убасгьы "Ԥсоу" ҳанааи агәаран ҳақәмыргылакәа ашәҟәқәа гәарҭон", - иҳәеит аминистр.
Аԥсны ахҵәацәа апансионат "Аиҭар" аҟны иҟазаауеит.
Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, Донбасс аҭагылазаашьа еицәахар иҵегь ахҵәацәа Аԥсныҟа иааргоит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала Аԥсны еиҿкаауп Донецки Лугански жәлар республикақәа рҟынтәи ахҵәацәа рыдкылареи рымҩаԥгареи.
Аслан Бжания на пресс-конференции  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2022
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны адгылара анаҭоит Урыстәыла ДЖәРи ЛЖәРи ахьазханаҵаз
Донбасс аибарххара иахҟьаны ЛЖәРеи ДЖәРеи рнапхгаҩцәа ауаа ралгара иалагеит Ростовтәи аобласт ахь, аԥхьа иргыланы аҳәса, абыргцәа, ахәыҷқәа. украина ахада Владимир Зеленски арратә операциа далагар ҟалоит ҳәа иҟоу ашәарала азеиԥш ҽеизыкра рыларҳәеит. Ареспубликақәа рхаҭарнакцәа изныкымкәа аҳәамҭақәа ҟарҵахьан ахымца аанкыларазы иҟаз аиқәшаҳаҭра Киев ишеиланагоз. Жәабран 19 азы ДЖәРеи ЛЖәРеи рхадацәа Урыстәыла ахада иахь аҳәара ҟарҵеит рхьыԥшымра азхаиҵарц.
Жәабран 21 азы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь Урыстәыла ахада Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра шазхеиҵо азы Аусԥҟа инапы аҵаҩит.
Ажәабжьқәа зегьы
0