Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Лавров: Урыстәыла аиҿцәажәара иазыхиахоит Украина аруаа абџьар шышьҭарҵалак

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминист Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина ақәлара аӡәгьы гәҭакыс имам ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik. Урыстәыла аиҿцәажәара иазыхиахоит Украина аруаа абџьар шышьҭарҵалак ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла ААР ахада Сергеи Лавров иҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.
"Урыстәыла аиҿцәажәара иазыхиахоит Украина аруаа абџьар шышьҭарҵалак. Рықәлара аӡәгьы игәы иҭам, дасу рҭаацәарақәа ирзыхынҳәааит. Украина ажәлар рлахьынҵа дара аӡбара азин раҳҭап", - иҳәеит Лавров ажурналистцәа дрыҿцәажәо.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Зеленски иофис: Украина азхиоуп анеитралтә статус алацәажәара
Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраараз Урыстәыла иаҳәеит ", - иҳәеит иара. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу.
Путин украинатәи аруаа рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит украинатәи анапхгара иҟарҵо ацәгьоуратә дҵақәа нарымгӡарц, рабџьар шьҭаҵаны рыҩныҟақәа ицарц.