Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Зеленски иофис: Украина азхиоуп анеитралтә статус алацәажәара

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКиев накануне выборов
Киев накануне выборов - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Владимир Зеленски иҳәахьан Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аибашьра аанкыларазы аиҿцәажәарақәа ишрылаго азы.
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Украина азхиоуп анеитралтә статус алацәажәара ҳәа аарыцҳауеит Украинатәи АИХқәа.

"Украина азхиоуп анеитралтә статус азы Урыстәылеи дареи реиҿцәажәара, аха иара ашәарҭадаразы ахәдықәҵарақәа ирзыԥшуп ҳәа ааицҳауеит Украина ахада иофис аиҳабы иабжьгаҩ Михаил Подолиак", - ҳәа аҩуеит аинформмаҵзура УНИАН Telegram-канал аҿы.

Уаанӡа Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵахьан, иара дшацәымшәо иарбан зҵааразаалак азын Москва рацәажәара, аблок анҭыҵтәи астатусгьы абрахь иналаҵаны.
 Общественники подготовили иски по нарушениям прав человека на Украине - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла ишьақәнарҟьеит украинатәи 118 арратә хыбрақәа
Аԥшьаша ашьыжь Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә операциа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа Урыстәылахь ацхыраара иаҳәеит" иҳәеит иара.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.
Ажәабжьқәа зегьы
0