Акыраамҭатәи аҿымҭра ашьҭахь С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ашәқәа аанартит Сариа Лакоба илызку аспектакль аԥхьарбара ала. Аҿымҭра анысҳәа, атеатр аусура аанкылан егьырҭ акультуратә усҳәарҭақәа зегь реиԥш апандемиа иахҟьаны. Ииашоуп, уи аркра аҿкчымазара аҽацәыхьчара уамак иахәомызт, ҳтәылаҿы акарантинтә ԥҟарақәа рыцклаԥшра ахьхьысҳаз азы.
Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс Сариа илызку аспектакль ақәыргылара лгәаӷьит арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа, апиеса автор Зарина Ҟаныҟә. Агәаӷьра дуи ахачҳареи змаз Сариа илызку аусумҭа алагара иаҭахын арҿиаратә гәаӷьрагьы. 2011 шықәсазы ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер аԥсуа театраҿ ауаажәларра данырԥылоз иазгәеиҭеит - "Сариа леиԥш иҟоу афырԥҳәыс, Аԥсны абаҟа лзыргылатәуп", - ҳәа.
Дызлареиԥшымзеи лара ҳтәылаҿы зҽалызкаахьоу егьырҭ аҳәса? Зегь раԥхьаӡа иргыланы, лара лыԥшәма Нестор ажәлар драӷоуп ҳәа Бериараа илдырҳәарц ирҭахыз дақәшаҳаҭымхеит, аԥсра ԥеиԥшс ишлоуазгьы. Лыҷкәын дахьдырҳәацәоз лгәы шыҿнакаауазгьы, Сариа ҳтәыла аинтересқәа лымҭиит ҳҳәар ауеит. Абаҟа ургылар ауеит зыхә ҳараку ахаҳә иалхны, аха аԥсуа театр баҟаҵас иҳаднагалеит аспектакль "Сариа".
Атеатр ахь уанцо, еснагь уазхәыцуеит ишԥеиҭарҳәари аҭоурых ҳәа, иарбан сахьаркыратә мҩоу иалырхуа ахәаԥшҩы ирҭаслымразы ҳәа. Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа аҟазараҿы уажәшьҭа илылххьеит лхатәы стиль. Лара еиҳаракгьы илықәҿиақәо иреиуоуп агиперболатә ҟазшьа змоу, насгьы аметафоратә цәаҩақәа рыла еиҿкаау амизансценақәа. Аспектакль "Сариа" Аргәынԥҳа лынагӡарала бзазаратә драмам. Асахьаҭыхыҩ Нодар Ҵәыџьбеи лареи иалырхит Сариа данҭадырхозтәи аамҭақәа ирсимволу аихацқәа рыла иҭахкаау аԥсҭазаара аазырԥшуа асценографиа. Асцена аҩнуҵҟа иҟоуп иара убас, асцена маҷ. Араҟа актиорцәа инарыгӡоит еиуеиԥшым арольқәа – аамҭак иатәыз ахаҿсахьақәа раарԥшразы.
Сариа лроль анагӡаразы арежиссиор даалыԥхьоит аԥсуа театраҿ уаанӡа иаҳамбацыз акинорежиссиор Амра Наҷҟьебиаԥҳа. Сгәанала араҟа ақәыргылаҩ илыӡбуеит ҩ-зҵаатәык - аштампқәа рыцәхьаҵра, уи адагьы еиҳа иҿыцу актиортә стильқәа рӡыргара. Наҷҟьебиаԥҳа пластикала еиҿкаау актрисоуп, раԥхьатәи лцәырҵра, лбахҭа гәашәқәа дахьыркылыԥшуа, ажәада игәаҟуа аԥҳәыс лхаҿра аалырԥшуеит. Аспектакль далагалоуп арежиссиор илхәыцыз аиҭаҳәаҩ. Уи адрама ахы инаркны аҵыхәтәанынӡа гәыцәс дамоуп. Сызҿу актриса Хьыбла Мықәԥҳа лоуп. Исгәаԥхазеи уи лыхәмарраҿы?
Абраҟа арежиссиор Аргәынԥҳа лхы иалырхәеит уаанӡа Таиф Аџьба изкыз аспектакль "Ԥшӡала иаҳзырша" аҿы иҳадылгалахьаз астиль - ҩыџьа хаҿсахьак анынарыгӡо. Мықәԥҳа аспектакль мҩаԥызго ҳәа лзуҳәар шауагьы, даҽа ганкахьала Сариа лыҩнуҵҟатәи лдунеи ахәҭақәа руак иаҵоу адрама аазырԥшуа лоуп. Сариа лроль назыгӡаз Наҷҟьебиа лакәзар, аспектакль аҿы адәахьтәи аамысҭашәара аҟазшьа лнубаалоит.
Аспектакль абызшәа атәы сҳәозар, аиҭагаҩ Инна Ҳаџьымԥҳа абырҵкал икылылхит. Мықәԥҳаи Наҷҟьебиаԥҳаи рмонологқәа апоезиа ацәа рнубаалоит.
Арежиссиор лхы иалырхәо асценатә маҭәахәқәа даҽазнык ҳарзааҭгылозар иубоит амодерн ҳәа ззырҳәо ацәаҩа, адрамеи афарси акыр еилаӡҩоуп. "Сариа" Аргәынԥҳа лынагӡарала итрадициатәу адраматә театрқәа ирҟазшьоу еишьҭагылоу аҭоурых аазырԥшуа спектакльым. Араҟа ахархәара рымоуп аретроспектива ҳәа изышьҭоу ахырхарҭа. Иалыскаарц сҭахыуп убри аретроспектива ҳәа ззаҳҳәо аазырԥшуа, Сариа лыҷкәын хәыҷ лнапы данаку, агәыԥҳәыхш аниҿалҵо ҳзырбо агәалашәаратә сцена. Арежисисор араҟа, иҳадылгалоит зцәеи зыбаҩи еикәыршоу акьанџьа. Даара икылкааны уацклаԥшлароуп асценақәа рымҩаԥысшьа, ахҭысқәа реишьаҭагылашьа ахьеиҭарсу азы.
Аспектакль атеатр иамасырҽхәозар, исҳәарц сылшоит иазыҟаҵоу ахәаԥшҩы изкуп ҳәа. Атеатр иашьцылам, шамаха уахь имныҟәо ахәаԥшҩы ицәыуадаҩхар ауеит ажәа аҭыԥан асценографиатә, апластикатә маҭәахәқәа рыла инагӡоу ахықәкқәа рышьҭкаара... Арежиссиор аспектакль аҿы Сариа лхаҿрала усҟантәи аамҭақәа рзалымдара иахәхаз ауаа рҭоурыхқәа аалырԥшуеит. Даараӡа исгәаԥхеит абахҭа аҩнуҵатәи аргәаҟарақәа – аҟамчԥҵаҵа ахархәарала иахьылхәыцыз. "Выдумывать пытки бесчеловечно", - иҳәахьан Искандер, Сариа лыргәҟәаҟра иазкыз асиужетқәа рыҩра иацыз ауадаҩрақәа дрызхәыцуа. Арежиссиор уи ауадаҩра даиааины, аҟамчҟьара ахархәара алҭеит, ауаҩытәҩыса иларҟәра, гәымбылџьбарыла изныҟәара иахаҿраны…
Анатурализм ҳәа изышьҭоу, араҟа арежиссиор дацәхьаҵны, символла аус луеит. Далыскаар сҭахын актиор Саид Лазба, идыргәаҟуа Сариа лашьа ироль назыгӡо. Актиор ихы иаирхәоит иҭынчу ашәыгақәа, исҳәарц сылшоит ҩнуҵҟалатәи адрама аарԥшра дазҟазоуп ҳәа. НКВ-даа рхаҭарнак изку асценаҿы, аӡбаҩ ироль аазырԥшуа Леон Кәыроглы иакәзар - илшеит атеатр ахыбраҿы хара здымыз рлахьынҵақәа зыӡбуаз ауаҩы исахьа аҭыхра. Зны-зынла аспекталь абыржәымзар абыржәы инҵәоит ҳәа агәаанагара ансоуаз ыҟан, избанзар акәаԥ ргылоушәа ихәыцын ҩба-хԥа мизансцена. Хәҭак змоу аспектакль азы иҟалон маҷк аркьаҿрақәа алагалазар, мамазаргьы ҩ-хәҭакны еихшазар. Аспектакль аҿы Сариа аҵыхәтәантәи лмонолог мыцхәцәазар ҟалап. Абаҳа зку аперсонаж, уи назыгӡо актиор Уасил Ӡиӡариа, цәгьаԥсышьа зырҭаз ауаа аԥслымӡ анрықәиԥсо асцена даара иҵаулан, апиеса иаанарԥшуа аҭоурыхгьы акәаԥ азыргылан.
© Foto / из книги Адиле Аббас-оглы “Моя Абхазия... Моя судьба”
P.S. Атеатр аансыжьит даҽазнык ари аспектакль сазыгьыжьырц сҭахны, ус анакәха уахь сымҩахыҵра иаман аҵакы. Атеатр аҿы аиҿкааратә усқәа срызхьаԥшуазар, 10 минуҭк еиҳаны иагханы иалагеит аспектакль. Админстраторцәа рус ашыкьбжьы ацын. Аԥҟарақәа рыла, ахәаԥшҩцәа зегь рҭыԥ аҿы итәазароуп аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы анго. Уи ашьҭахь апартер аҩналареи аҩныҵреи иашаӡам. Игәасҭеит даҽакгьы. Ашортик ҳәа ззырҳәо аиқәахҵәа зшьаз аԥҳәыс азал аҿы даацәырҵит. Сазхәыцит, ирыԥсахма атеатртә етикет? Ас ҟалашьас иамоузеи? Атеатр администрациа абри аганахь азгәаҭақәа ҟанаҵароуп, иахьа ахәаԥшцәа рзыҳәан ҳмаџьаназаргьы...
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.