АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Урыстәыла залахәхаӡом 2022 шықәсатәи "Евровидение" ҳәа аанацҳаит ахәаша Европатәи ателехәаԥшратә хеилак.
Иазгәаҭоуп, аӡбамҭа шрыдыркылаз "аицлабра "Евровидениа" аиҿкаара анапхгара рабжьгарала Европатәи ателехәаԥшратә хеилак аԥҟарақәа ҳасаб рзоуны.
Ашәаҳәаратә еицлабра Урыстәыла аламырхәра мзыс иамоу азгәаҭо аиҿкааҩцәа ирҳәеит, Украина иҟоу аҭагылазаашьа ргәы ишыцхо, урыстәылатәи ашәаҳәаҩ "Евровидение" ахьӡ ааха аиҭар ҟалоит хәа.
Аԥшьаша, Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраараз Урыстәыла иаҳәеит ", - иҳәеит иара. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.