Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Зеленски Белоруссиа урыстәылатәи аделегациа рԥылара мап ацәикит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Украина ахада Владимир Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит, Урыстәылеи иареи реиҿцәажәарақәа мҩаԥысыр шалшо Варшава, Будапешт ма Сҭампыл, аанацҳауеит РИА Новости.
Уи аԥхьа Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков адырра ҟаиҵеит, Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәарақәа рзы Гомельҟа ишнеиз урыстәылатәи аделегациа.
Белоруссиа ААР аҟны аҩганк реиқәшәаразы иахәҭаз ашәҟәқәа зегьы еиқәнаршәеит.
Жәабран 26 рзы Киев мап акыит Украина анеитралтә статус азы Москва ацәажәара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Киев мап акыит Украина анеитралтә статус азы Москва ацәажәара
Жәабран 21 аза Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа. Жәабран 24 азы ДЖәРи ЛЖәРи рнапхгара иҟарҵаз аҳәарала Донбасс аоперациа ҷыда иалагеит. Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәылеи уи анапхареи рганахьала асанкциа ҿыцқәа аларгалеит.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.