Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Киев мап акыит Украина анеитралтә статус азы Москва ацәажәара

© Sputnik / Alexey Maishev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтомобильное движение на Кремлевской набережной в Москве
Автомобильное движение на Кремлевской набережной в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Украина арратә аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь Владимир Зеленски Урыстәыла ахада аиҿцәажәарақәа идигалеит. Урыстәылатәи аган уи иақәшаҳаҭхеит.
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин иацы адҵа ҟаиҵеит излагаз арратә аоперациа ҷыда аанкылазарц аиҿцәажәарақәа ралагаразы, аха Киев уи мап ацәнакит. Уи анаҩс, арратә аоперациа ҷыда иацҵан. Абри атәы иҳәеит Кремль ахаҭарнак Дмитри Песков.
"Иацы аиҿцәажәарақәа рзы украинатәи аиҳабыра ирызԥшнаҵы иреиҳаӡоу адҵаҟаҵаҩ хада, Урыстәыла ахада адҵа ҟеиҵеит урыстәылатәи армч хадақәа аанкылазырц", - ҳәа Песков иажәақәа аагоуп РИА Новости аҟны.
Кремль ахаҭарнак иажәақәа рыла, ус ишыҟазгьы ҭыԥқәак рыҟны ахысрақәа цон.
Ԥыҭрак анаҩс Украина ахада иофис аиҳабы иабжьгаҩ Алексеи Арестович АИХқәа иреиҳәеит Киев мап шакыз Москваа рацәажәара, иқәгылоу аԥҟарақәа ирықәшаҳаҭым ҳәа.
Президент РФ В. Путин провел совещание с членами правительства РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин Урыстәыла иреиҳаӡоу аҩаӡарала Украина ацәажәара иазыхиоуп иҳәеит
"Урыстәылатәи аган иаҳзаарҭиз аԥҟарақәа ҳрықәшаҳаҭым. Уи абџьаршьҭаҵара акәын иаанагоз. Ҳаргьы иҳацҳаит аҭынчԥсҭазааразы Москва акәымкәан Киев аԥҟарақәа шрақәу иазгәаҭатәу", - ҳәа иҳәеит иара, Урыстәыла иарбан ԥҟарақәоу ирыднагалаз азгәамҭакәан.
Жәабран 21 аза Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа. Жәабран 24 азы телехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраараз Урыстәыла иаҳәеит ", - иҳәеит иара. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.
Брифинг В. Зеленского в Киеве - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Зеленски дыццакны Киев аанижьит иҳәеит Аҳәынҭдума аиҳабы Володин
Ажәабжьқәа зегьы
0