АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 474-ҩык, урҭ рахьтә 196-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Иҳаҩсыз хымш рыла Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык: 83, 62 зхыҵуаз ҩыџьа аҳәсеи, 66 шықәса зхыҵуаз хаҵаки.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 45-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп - 30-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 17-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 28-ҩык, урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы быжьҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп хҩык.