https://sputnik-abkhazia.info/20220228/asny-akoronavirus-zykhuaz-daa-khyk-gdouati-akhshtyray-rysazaara-ialit-1037847618.html
Аԥсны акоронавирус зыхьуаз даҽа хҩык Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит
Аԥсны акоронавирус зыхьуаз даҽа хҩык Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит
Sputnik Аҧсны
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 51 901 - ы рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 45 433- ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит... 28.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-28T23:07+0300
2022-02-28T23:07+0300
2022-02-28T23:09+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/16/1031148390_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_b852a104a708bd32b679a7277aea74b8.jpg
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 474-ҩык, урҭ рахьтә 196-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 45-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп - 30-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 17-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 28-ҩык, урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы быжьҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп хҩык.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/16/1031148390_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_7d1416387055d10c5038d5db9b1681ad.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа, ауаажәларра
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа, ауаажәларра
Аԥсны акоронавирус зыхьуаз даҽа хҩык Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит
23:07 28.02.2022 (ирҿыцуп: 23:09 28.02.2022) Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 51 901 - ы рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 45 433- ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 651-ҩык.
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 474-ҩык, урҭ рахьтә 196-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Иҳаҩсыз хымш рыла Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык: 83, 62 зхыҵуаз ҩыџьа аҳәсеи, 66 шықәса зхыҵуаз хаҵаки.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 45-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп - 30-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 17-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 28-ҩык, урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы быжьҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп хҩык.