Аԥсны

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа АИХқәа ирырҭеит УАМ рыцәгьоурақәа рзы адыррақәа (18+)

Жәабран 24 азы Урыстәыла ахда Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит арратә операциа ҷыда дшалаго Украина абџьархыхразы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа АИХқәа ирырҭеит 2014 шықәсазы Донбасс УАМ имҩаԥыргоз ацәгьоурақәа рзы адыррақәа.
Украина Донбасс имаԥнагоз ацәгьоурақәа ртәы аазырԥшуа ихлымӡааху акадрқәа, - аматериалқәа 18 шықәса иреиҵоу рахәаԥшра ахәҭам.
Sputnik иаҭоу адокументқәа рҿы иарбоуп "ЛЖәР аҵакыраҿы артиллериатә жәыларақәа раан Лугансктәи ареспублика аҵакыра зегьы аҿы 2014 шықәса аԥхыни ҭагалани хыԥхьаӡара рацәала атәылауаа рҭархара".

"Абри аамҭазы иҭахеит 2000-ҩык инарзынаԥшуа аҭынч уааԥсыра, урҭ рҟынтәи 35-ҩык ахәыҷқәа. Ақалақь дуқәа Первомаиск, Кировск, Славианосербск роуп раԥхьатәи ажәылара здызкылоз. Урҭ аинырратә цәаҳәа иахьаԥныз азы украинатәи аруаа рнапы иқәызшәа ирбон", - ҳәа рҳәеит ацҳаражәҳәарҭаҿы.

2021 шықәса ԥхынҷкәынмзазы иаарԥшын хыԥхьаӡара рацәала ауаа анышә иахьамаз 16 ԥсыжырҭа.
1 / 4

аԥсыжырҭақәа

2 / 4

аԥсыжырҭақәа

3 / 4

аԥсыжырҭақәа

4 / 4

аԥсыжырҭақәа

2021 шықәса нанҳәа 10 - абҵара 10 рзы ауаа рацәала иахьжыз аԥсыжырҭақәа ԥшьбеи иара убас аӡәа-ӡәала иахьжызи. Урҭ руак аҿы ԥшьымз зхыҵуаз ахәыҷы иԥсыбаҩ аарԥшын. Абри аахыс 292 ԥсыбаҩ аарԥшуп. Ареспублика аҵакыраҿы иаарԥшыз аԥсыжырҭақәа рҟны иҟаз аԥсыбаҩқәа раԥхьатәи амедекспертиза шаҳаҭра ауеит аԥсыбаҩқәа реиҳарак аҳәсеи абыргцәеи шракәу.
"Уи адагьы иахьазы агуманитартә ҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит. Аинырратә цәаҳәа иаԥну аҭыԥқәа рҿы ауааԥсыра аӡы рымхуп. Ақалақьқәа рыԥсҭазаара аибашьраамҭа иаҩызоуп, аҭынч уааԥсыреи аруааи рыбжьара еилыргара аныҟам. Иара убас, арҭ ашықәсқәа зегьы аҩ-республикак ирҭахыз аҭынчреи Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа ирықәныҟәаны ар аинырратә цәаҳәақәа ирԥырыргар акәын", - ҳәа рҳәеит ацҳаражәҳәарҭаҿы.
Урыстәыла ахада Владимир Путин жәабран 24 азы ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит ДЖәРеи ЛЖәРеи рхьыԥшымра азхаҵара хымԥаданы ишиԥхьаӡо, абри ашьҭахь иахәҭаз Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа Урыстәылахь ацхыраара иаҳәеит", иҳәеит Путин.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла авиациа Украина аҳауатә ҵакыраҿы аԥыжәара амоуп
Жәабран 25 азы Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵаиҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы. "ЛЖәРи ДЖәРи рыжәларқәеи ҳареи ҳаиҩызара ҳасаб азуны, аԥхьаҟагьы урҭ рыԥсҭазаара ҳалахәуп ҳәа иԥхьаӡаны, гәыкала ҳашьцәа ашәарҭадареи аизҳареи рзеиӷьашьо, иахьа аусԥҟа снапы аҵазҩит Лугансктәии Донецктәии жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы" ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Агәра ганы сыҟоуп аԥсуа жәлар зегьы ари аӡбамҭа ишадгыло ҳәа агәыӷра ааирԥшит иара.