Аԥсны

Атәылахьчара: Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иҟоу аҭагылаазашьа хылаԥшра амоуп

Атәыла ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа жәабран 28 азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иҟоу аҭагылаазашьа хылаԥшра амоуп, атәыла Арбџьармчқәа зегьы хиоуп иҳәеит Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа Бжьаниа иареи анеиԥылоз. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылараҿы иазааҭгылан Украина аҵакыраҿы иҟоу аҭагылазаашьа.
Аԥсны
Аԥсны арбџьармчқәа аҽазыҟаҵара цҵақәа мҩаԥыргоит Украина иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы
Ануа иазгәеиҭеит, Атәыла ахада амчратә усбараҭқәа рнапы ианиҵаз адҵақәа зегьы анагӡара ишаҿу.
"Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иҟоу аҭагылаазашьа хылаԥшра аҳҭоит. Иара убас уажәы Украинеи адунеи аҟны иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы аҽазыҟаҵара-цҵақәа мҩаԥгахоит", - иҳәеит аминистр.
Аслан Бжьаниа иҳәеит, Украина иҟоу аҭагылазаашьа иахҟьаны иҟалар зылшо апровакациақәа рҿагылара иазыхиазарц.