Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Евроеидгыла Урыстәыла Абанк иадҟанаҵалаз асанкциақәа амчра роуит

Урыстәыла Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаны жәабран 24 азы Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда иалагеит. Уи аҭакс мраҭашәаратәи атәылақәа асанкциақәа аланагалаеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Урыстәыла Абанк хада арезервқәеи активқәеи напхгара рыҭара иадҳәалоу Евроеидгыла асанкциақәа амчра роуит. Уи ус шакәу аанацҳауеит Аидгыла ажурнал ҷыда аҿы икьыԥхьу адокумент.
Адокумент инақәыршәаны Урыстәыла Абанк хада арезервқәеи активқәеи напхгара рыҭара, Абанк ахьӡала иқәгыло аиурист хаҿқәа, аиҿкаарақәа, аусбарҭақәа аоперациақәа рыцымҩаԥгара азин ҟалом.
Убри аан, ЕЕ Аидгыла ма аҽа тәылак азы ихымԥадатәихар атранзакциақәа рзин ҟанаҵоит.
Амчра аиуит иара убасгьы, аҳаиртә ӷбақәа урыстәылатәи рымҩаԥгаҩцәа рзы аԥкрагьы. Адокумент инақәыршәаны дара Аидгыла аҵакыра ахыԥраара, уантә ашьҭыԥраара ма уа атәара азин рымхуп.
Убри аан ԥсыхәа змам аҭагылазаашьа аан азин ԥкхоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Евроеидгыла урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы аҳауатә еимадара анаркит
Азинмчратә усбарҭақәа ЕЕ аҳауатә ҵакыра ахыԥраара, уантә ашьҭыԥраара ма уа атәара азин ҟарҵоит агуманитартә хықәкқәа раан.
Уи азы ЕЕ атәылақәа ма атәыла агьырҭ атәыла-лахәылацәеи Акомиссиеи абри азы адырра рнаҭароуп.
Жәабран 21 азы Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа Урыстәыла ахадарахь иҟарҵаз аҳәара инақәыршәаны Урыстәыла ахада арҭ ареспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаны жәабран 24 азы Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда далагеит.
Захарова Евроеидгыла ацхыраара анаҭоит Украина амилитаризациа ҳәа лҳәеит
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.