Захарова Евроеидгыла ацхыраара анаҭоит Украина амилитаризациа ҳәа лҳәеит

© Foto / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТретий Евразийский женский форум
Третий Евразийский женский форум - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2021
Анапаҵаҩра
Евроеидгыла ахеилак Украина арратә мчқәа арра-техникатә цхыраара аҭаразы 31 миллион евро рзоужьзарц аӡбра аднакылеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Евроеидгыла ацхыраара анаҭоит Украина амилитаризациа, ҳәа лҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова, аҩуеит РИА Новости.
"Ԥхынҷкәын 2 рзы Евроеидгыла ахеилак Украина арратә мчқәа арра-техникатә цхырааразы 31 миллион евро рзоужьзарц аӡбра аднакылеит. Ари ацхыраара Донбасс аҭынчра акала иахәараны иҟам. Аҭынчра аҭышәныртәалараз аиҿцәажәарақәагьы ҿахҵәоит", - лҳәеит Захарова.
Адипломат иазгәалҭеит ԥхынҷкәын 7 - 8 рзы имҩаԥысыз Аинырратә гәыԥ аилатәара лҵшәадахеит ҳәа.
"Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара ацынхәрас Киев уи ҽмырба азыруеит, Донецки Лугански рылацәажәара аҽацәхьанакуеит, аҭынчра аҭышәныртәалараз аҭакԥхықәра Урыстәыла иақәнаҵоит", - лҳәеит Захарова.
Президент РФ В. Путин провел заседание Совета по развитию физической культуры и спорта - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2021
Путин Украина ахь ааԥхьара ҟаиҵеит Урыстәылеи дареи реизыҟазаашьақәа еиндыршәарц
Украина арратә цхыраара анаҭоит Вашингтонгьы. Пентагон апресс-маӡаныҟәгаҩ Џьон Кирби ишиҳәо ала, ари амчыбжь аҩнуҵҟа Киев иазоужьу 60 миллион доллар рҟынтәи абџьари аџьаԥҳани рыхәҭак аиуеит.
Америка атәылахьчара аминистр Ллоид Остин иажәақәа рыла, Вашингтон 2014 шықәса раахыс украинатәи ар рыцхырааразы 2,5 миллиард доллар нанашьҭхьеит.
ЕАА атәылахьчаратә биуџьет 2022 шықәсатәи апроект аҟны Украина ацхырааразы иарбоуп 300 миллион доллар.
Ажәабжьқәа зегьы
0