Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Медински: Урыстәылеи Украинеи аиҿцәажәарақәа ирыцҵазарц еиқәшаҳаҭхеит

Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа актәи аиԥылара Белоруссиа аҵакыраҿы имҩаԥысит, ашәахьа жәабран 28 азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа ирыцҵазарц еиқәшаҳаҭхеит, иааиуа амшқәа рзы даҽазныкгьы еиқәшәоит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада иабжьгаҩ Владимир Медински, абри атәы аҩуеит РИА Новости.
Урыстәылеи Украинеи рделегациақәа анаҩстәи реиқәшәара аҟынӡа аҩтәылак рхадацәеи дареи еиҿцәажәараны иҟоуп, иҳәеит Медински.
Жәабран 29 азы Белоруссиа, Гомельтәи аобласт аҿы имҩаԥысуаз Урыстәыла –украинатәи аиҿцәажәарақәа хыркәшахеит.
Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭоит атәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински. Уи аԥхьа Зеленски иофис аҟнытәи аҳәамҭа ҟарҵеит аиҿцәажәарақәа "ирхадоу - ирлас ахымца аанкылареи Украина аҵакыра аруаа ралгареи ауп" ҳәа.