Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина АММ рнапхгара ирҳәеит Зеленски адгьылбжьаха Змеиныи аруаа ҭахеит ҳәа ииҳәаз шымцыз

Украинатәи амчрақәа адгьылбжьаха Змеиныи аҳәаахьчаҩцәа ҭахеит ҳәа рыларҳәеит, ианҭаха ашьҭахь ахьӡ ҳаракқәагьы рхырҵеит. Аамҭақәак рышьҭахь Киев рҿы рықәшаҳаҭхеит аруаа рыԥсы шҭоу, аурыс ар рҽышрырҭаз.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Украинатәи амчрақәа рыруаа, адгьылбжьаха Змеиныи аҟны игылаз рыԥсы ҭоуп, аурыс ир инкылан ирымоуп ҳәа аанацҳауеит Украина АММ Facebook аҿы.
Украина ахада Владимир Зеленски уаанӡа украинатәи аррамшынуааи аҳәаахьчаҩцәеи ҭахеит ҳәа рылеиҳәеит, "ианҭаха ашьҭахь" аҳәынҭқарратә ҳамҭақәагьы риҭеит.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра уаанӡа адырра ҟанаҵеит агарнизон аҿы иҟаз 82 украинатәи аруаа хатәгәаԥхарала рыҽшрырҭаз.
Украинатәи АММ аҿы ирҳәеит адгьылбжьахеи дареи реимадара шеиԥҟьаз. "Ҳаигәырӷьоит ҳаруаа рыԥсы ахьҭоу", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Змеиныи — Амшын еиқәаҿтәи рацәак идуум дгьылбжьахоуп, Одессатәи аобласт иаҵанакуеит, арратә операциа ианалага аԥхьатәи амш азы Урыстәыла анапахьы иааган.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла авиациа Украина аҳауатә ҵакыраҿы аԥыжәара амоуп