Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи аделегациа аиҿцәажәаратә ҭыԥ ахь инеит

Украинатәи аган иалнахыз алогистика уадаҩ иахҟьаны аиҿцәажәарақәа раамҭа изныкымкәа иахырԥан.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Украинатәи аделегациа аиҿцәажәаратә ҭыԥ ахь инеит ҳәа ааицҳауеит РИА Новости акорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.
Украина ахада Иофис аинформациала аделегациа иалахәуп: Атәылахьчара аминистр, аполитикатә партиа "Слуга Народа" ахада, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ.
Киевтәи аделегациа ршәарҭадараз Белоруссиаҟа иааит Польша ала авертолиотқәа рыла.
Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аиҿцәажәара мҩаԥысраны иҟан амҽыша, жәабран 27 азы, Гомель. Ахантә аҭыԥ алызхыз украинатәи аган шакәызгьы атәыла ахада Владимир Зеленски Белоруссиаҟа анеира мап ацәикит, уи ацынхәрас европатәи аҳҭнықалақьқәа рыӡбахә иҳәеит.
Урыстәылатәи аделегациа ахада Владимир Медински Киев аӡбамҭа асааҭ 15:00 рҟынӡа дшазыԥшуа иҳәеит. Абри аамҭазы украинатәи аделегациа Гомельтәи аобласт аҿы аиԥылара ишазыхиаз атәы рҳәеит. Уи иаԥхьанеиуан Лукашенкои Зеленскии ҭелла реицәажәара.