Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа шьыбжьон шыҟоу иалагароуп

Украинатәи аделегациа макьан Белоруссиаҟа имнеицт Урыстәылеи дареи реиҿцәажәаразы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа жәабран 28 асааҭ жәаҩа рзы иалагароуп ҳәа РИА Новости иазеиеҭиҳәеит Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински.
Медински иажәақәа рыла, украинатәи аделегациа алахәылацәа макьана рыӡбахә ҳәам.
Урыстәылатәи аделегациа Белоруссиа жәабран 27 аахыс инеины иҟоуп. Амҽыша аиҿцәажәарақәа мҩаԥысраны иҟан, аха урҭ ахыргеит – украинатәи аделегациа ахьахьымӡоз азы. Урҭ Польша аҵакырала инеирц рыӡбеит.
Уаанӡа белоруссиатәи аполитолог Иури Воскресенски РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Белоруссиа ахада Александр Лукашенко даниҿцәажәа ашьҭахь Владимир Зеленски анапынҵа шыҟаиҵаз Белоруссиаҟа аделегаци амҩа иқәларц.
Медински иҳәеит Украина аиҿцәажәарақәа Гомелтәи аобласт аҿы имҩаԥгазарц ажәадгала шыҟарҵаз. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иазгәеиҭеит уи аԥхьа Лукашенкои Зеленскии ҭелла ишеицәажәаз. Аамаҭқәак рышьҭахь Sputnik Беларуссиа адырра ҟанаҵеит аҿцәажәарақәа мҩаԥысраны иҟоуп аушьҭырҭатә ҭыԥ Александровка-Вильча аҿы ҳәа.