АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Аа-шықәса инарзынаԥшуа жәларбжьаратәи Донбасс ауааԥсыра украинатәи амчрақәа рганахь ала аџьамыӷәа иҭагылан. Аграждантә хыбрақәа аракетақәа рыла иреихсуан, арҭҟәацгақәа рықәрыжьуан. Уажә иҟалаз "гәырԥсоуп" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны ААР.
"Ҳара ҳадгылоит Урыстәыла ахада аҭынч уааԥсыра рыхьчара, ацәгьоуцәа рыԥшаара иҽазышәара", - аҳәоит аусбарҭа аҳәамҭа.
Аофициалла Аҟәа иазгәанаҭоит Урыстәыла Арратә мчрақәа аоперациа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭадырхо арратә инфраструктуроуп украинатәи аган ахымҩаԥгашьа иахьмырԥшыкәа ҳәа.
Иахьа Мраҭашәара Европеи Урыстәылеи иҟоу НКО рхы иархәаны аҽазнашәоит "сахьоурысу сацәыԥхашьоит" ҳәа атезис аларҵәара. Абри аан Урыстәыла аҽазышәарақәа адгылара рҭахуп ҳәа азгәарҭоит аусбарҭаҿы.
"Иуадаҩу адунеижәларбжьаратә ҭагылазаашьаан Аԥсны Урыстәылеи иареи реиҩызара апринципқәа ирыцәхьаҵуам. Аԥсны ахада иӡбамҭа инақәыршәаны ҳтәыла ДЖәРи ЛЖәРи рхьыԥшымра азхаҵоуп. Ареспублика ҿыцқәеи ҳареи аизыҟазаашьақәа ҳаҭырла, зинеиҟарала иҳабжьаҳҵоит", - ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Агәра аагоит аоперациа ҷыда қәҿиарала ишхыркәшахо, хара имгакәа аиашареи азакәани ари атәылаҿы аҳра руа ишыҟало ҳәа азгәарҭоит Аԥсны ААР аҿы.
Жәабран 24 азы Урыстәыла Украина арратә операциа ҷыда иалагеит донбасстәи ареспубликақәа иҟарҵаз аҳәарала, акыршықәса аџьамыӷәа зхызгоз ауааԥсыра рыхьчаразы.