Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Аԥсны ААР Украина Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыда "гәырԥсоуп" ҳәа ахырҳәааит

© Sputnik / Томас Тхайцук Медиацентр МИД Абхазии
Медиацентр МИД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Анапаҵаҩра
Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда мчыбжьык иназынаԥшуа ицоит. ДЖәР-и ЛЖәР-и урыстәылатәи ар рыцырхырааны х-хырхарҭакны ажәылара мҩаԥыргоит.
АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Аа-шықәса инарзынаԥшуа жәларбжьаратәи Донбасс ауааԥсыра украинатәи амчрақәа рганахь ала аџьамыӷәа иҭагылан. Аграждантә хыбрақәа аракетақәа рыла иреихсуан, арҭҟәацгақәа рықәрыжьуан. Уажә иҟалаз "гәырԥсоуп" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны ААР.
"Ҳара ҳадгылоит Урыстәыла ахада аҭынч уааԥсыра рыхьчара, ацәгьоуцәа рыԥшаара иҽазышәара", - аҳәоит аусбарҭа аҳәамҭа.
Аофициалла Аҟәа иазгәанаҭоит Урыстәыла Арратә мчрақәа аоперациа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭадырхо арратә инфраструктуроуп украинатәи аган ахымҩаԥгашьа иахьмырԥшыкәа ҳәа.
Иахьа Мраҭашәара Европеи Урыстәылеи иҟоу НКО рхы иархәаны аҽазнашәоит "сахьоурысу сацәыԥхашьоит" ҳәа атезис аларҵәара. Абри аан Урыстәыла аҽазышәарақәа адгылара рҭахуп ҳәа азгәарҭоит аусбарҭаҿы.
Флаг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Аԥсны
Аԥсны ЛЖәРи ДЖәРи рхьыԥшымрақәа азханаҵеит
"Иуадаҩу адунеижәларбжьаратә ҭагылазаашьаан Аԥсны Урыстәылеи иареи реиҩызара апринципқәа ирыцәхьаҵуам. Аԥсны ахада иӡбамҭа инақәыршәаны ҳтәыла ДЖәРи ЛЖәРи рхьыԥшымра азхаҵоуп. Ареспублика ҿыцқәеи ҳареи аизыҟазаашьақәа ҳаҭырла, зинеиҟарала иҳабжьаҳҵоит", - ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Агәра аагоит аоперациа ҷыда қәҿиарала ишхыркәшахо, хара имгакәа аиашареи азакәани ари атәылаҿы аҳра руа ишыҟало ҳәа азгәарҭоит Аԥсны ААР аҿы.
Жәабран 24 азы Урыстәыла Украина арратә операциа ҷыда иалагеит донбасстәи ареспубликақәа иҟарҵаз аҳәарала, акыршықәса аџьамыӷәа зхызгоз ауааԥсыра рыхьчаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0